Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Санкт-Петербургтәи аҭоурых аинститути рнапхгаҩцәа Зураб Џьапуеи Алексеи Сиренови ирыбжьарҵеит аусеицуразы Аиқәышаҳаҭра.
Анапаҵаҩра мҩаҧысит ААР аконференц-зал аҿы. Уи иалахәын Академиа Апрезидиум алахәылацәа, иара убас арҭ амшқәа рзы имҩаҧысуа аҵарауаа ҿарацәа рконференциа алахәылацәа.
Аиқәышаҳаҭра рнапы анаҵарҩы ашьҭахь Аҧсуа академиа ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит, Аиқәышаҳаҭра аҵак ду шамоу, аҧсуа ҵарауаа рзы ишаанартуа алшара ҿыцқәа. Инаҵшьны иҳәеит, аҵарауаа ҿарацәа ари Аиқәышаҳаҭра иабзоураны ишроуа алшара Аҭоурых аинститут архиви абиблиотекеи рҿы аусура, адиссертациақәа рыхьчара.
Алексеи Сиренов Академиа аиубилеи ахь ирҭаз ааҧхьара даҽазныкгьы ҭабуп ахҳәааны, иазгәеиҭеит рнапы зҵарҩыз ақьаад аҧсуеи аурыси ҵарауаа рзы аҵакы шдуу. “Ҳзеиҧш хықәкы ииашан иалкаауп. Аҧсуа ҵарауаа ҿарацәа рзы ари лшара бзиоуп” иҳәеит уи.Аиҧылара хыркәшо, Зураб Џьапуеи Алексеи Сиренови агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
(Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)