АЛАҲӘАРА

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ирыланаҳәоит 2023–2024-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аџьынџьтәыла аҭоурых. Аҧсны аҭоурых» (07.00.01) – ҭыҧк (1);
  2. «Аҳәынҭқаарратәи амуниципалтәи напхгараҭара» (5.2.7.) – ҭыҧк (1);
  3. «Иаарту-азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә)» ҭҵаарадыррақәа рыла (5.1.2). – ҭыҧк (1).
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • – иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәлаҵеи рыхкьыҧхьлаа;
  • – азҵаабӷьыц (анкета);
  • – аспециалистцәа ҿарацәа рзы – изылгаз аҵараиурҭа Аҵарауаа рхеилак аилатәара аҧкаанҵа агәылҩаа;
  • – иалху азанааҭ ала арефарат (кьыҧхь бӷьыцк рҟынӡа) иазҧхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • – акьыҧхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ҧҵамҭақәеи аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;
  • – амедицинатә ршаҳаҭга (286-тәи аформа);
  • – апатреҭқәа 4 (шәагаала 3×4 иҟоу).
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ҧышәарақәа мҩаҧгахоит 2023 шықәса, абҵарамза 14 инаркны ҧхынҷкәынмза 11-нӡа; Аҧышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыҧхьаӡалахоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Адокументқәа рыдыркылоит 2023 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 2-нӡа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақ., ак. Марр имҩа, 9; аҭел: 921-80-88. 226-69-76; aspirant@mail.ru

ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АҬҴААРАДЫРРА АРҾИАРАЗЫ АԤШЬГАРА ҾЫЦ

Аԥсуа ҭҵаарадырра арҿиаразы аҵарауаа ҿарацәа рабиԥара аиҵааӡара иамоу аҵакы дырны, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум Аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша Академиеи уи иаҵанакуа аинститутқәеи рнапхгараҟынтә иамоуп ахылаԥшра ҷыда. Аҿар аҭҵаарадырра радыԥхьаларазы, аспирантцәа рдыррақәа реизырҳаразы арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны иҟаҵоу шмаҷымгьы, аҟәша аусура еснагь бла ҿыцла ахәаԥшра иалҵшәаны, ицәырҵуеит заԥхьаҟа аҭҵаарадыра зхы азызкырц зыӡбаз аҵарауаа қәыԥшцәа иалырхыз аус агәыбылра дыркразы иаԥшьгоу аус ҿыцқәа.

Убас, ААР аспирантцәа рзы иазԥхьагәаҭоу, ихымԥадатәиу – иалырхыз азанааҭ, афилософиа, атәым бызшәа – ирызку алекциақәа рнаҩсгьы, ихацыркуп егьырҭ еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рҿы рылаԥшҳәаа зырҭбааша, ганрацәала адырра рызҭаша, Аԥсни уи анҭыҵи еицырдыруа аҵарауааи ауаажәларратә, акультуратә усзуҩцәеи рлекциақәа.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аспирантцәа рзы имҩаԥган аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор С.М. Шамба Аԥсны акәша-мыкәша ишьақәгыланы иҟоу жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа иазкыз илекциа; атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор И.А. Екба арԥхарҭатә нырра адгьылтә ҳауаԥхарра ишаныԥшуа иазкыз илекциа; аҟазараҭҵаара акандидат, Аԥсны жәлар рартист Н.В. Ҷанба аҟазара аҭоурых иазкыз илекциа.

Ҿыцаԥшьгараны ашьақәгылара иаҿу арҭ алекциақәа ирыбзоураны, аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи ироуеит алшара дара хықәкыла иалырхыз азанааҭ инахыҳәҳәаны, аҵарауаҩҵәҟьа ишиқәнаго еиԥш, хырхарҭа рацәала адыррақәа рырҳара.

Иҳәатәуп, аспирантураҿы иазԥхьагәаҭоу амаҭәарқәа рыла алекциақәа ирыԥхьарц азы Аԥсныҟа ишаахьо аӡәырҩы аҵарауаа хатәрақәа.

Аԥсуа ҭҵаарадырра аҿиашьа еснагь гәыҵхас измоу Академиа анапхгара асеиԥш иҟоу аидеиа ҿыцқәа қәҿиарала ирыцнарыгӡоит, еиҿыркаауеит Аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша анапхгаҩы В.А. Кәаӷәаниеи Аҟәша аспециалист хада С.Л. Хагәышьԥҳаи.