АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АҬҴААРАДЫРРАТӘ ЛҴШӘАҚӘА РЕИХШЬАЛАРА

Иахьа, абҵарамза 3 рзы, Аботаника аинститут азал аҿы имҩаҧысит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра иазкны, секциала еихшаны, ҩымш имҩаҧысуаз Аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рконференциа алҵшәақәа реихшьалара. Аилатәара иалахәын аконференциа аиҿкааҩцәеи алахәылацәеи. Ҩымштәи аусура алҵшәақәа ирылацәажәеит асекциақәа рнапхгаҩцәа. Урҭ рцәажәарақәа рҿы иааркьаҿны ирзааҭгылеит иҟаҵаз ажәахәқәа рхыҧхьаӡареи рыҭҵаарадырратә ҩаӡареи. Иҟан урҭ рыҩныҵҟа еиҳа иалыркаауазгьы. Аконференциа аиҿкааҩцәеи зхы алазырхәызи рыхьӡала ишьақәыргылаз арезолиуциаҿы иарбахеит уажәтәи аҭҵаарадырратә усмҩаҧгатә иагу-иабзоу ҳәа ирыҧхьаӡаз азгәаҭарақәа. Урҭ ируакуп анаҩстәи аконференциа, секциала еихшаны акәымкәан, аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа зегьы еицырзеиҧшны еиҿкаазарц. Агуманитартә ҭҵаарадырра иаҿу ауаҩы аҧсабаратә ҭҵаарадырраҿы иҟоу аихьӡарақәа ртәы иаҳарц, дазыӡырҩырц. Аилатәараҿы иҳәан иҭыҵраны иҟоу аконференциа аматериалқәа реиқәыршәаразы авторцәа даҽазныкгьы ражәахәқәа аус рыдуланы, статианы идырхиарц шрыхәҭоу. Аҵарауаа ҿарацәа рконференциа иалахәыз еицҿакны ирҳәеит, асеиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа шхымҧадатәиу.