АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ААР ИМҨАҦЫСИТ АМЕДИЦИНАТӘ ҬҴААРАДЫРРАҚӘА РДОКТОР, М. Ф. ВЛАДИМИРСКИ ИХЬӠ ЗХУ МОСКВАТӘИ АҬҴААРАДЫРРАТӘ КЛИНИКАТӘ ИНСТИТУТ АПРОФЕССОР, АҲАҚЬЫМ Л. М. КОӶОНИА "АКЬЫБА ЧЫМАЗАРА АҼАЦӘЫХЬЧАРАЗЫ АГӘҼАНЫЗААРА" ЗАХЬӠУ, АСПИРАНТЦӘЕИ АҴАРАУАА ҾАРАЦӘЕИ РЗЫ АЛЕКЦИА

Иахьа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаҧысит амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, М. Ф. Владимирски ихьӡ зху Москватәи аҭҵаарадырратә клиникатә институт апрофессор, аҳақьым Лали Михаил-иҧҳа Коӷониа “Акьыба чымазара аҽацәыхьчаразы агәҽанызаара” захьӡу, аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рзы алекциа.

Аҧышәа ду змоу аҵарауаҩ, аҳақьым Л. М. Коӷониа занааҭла агәабзиарахьчара иадҳәаламгьы еилыркаартәеиҧш дазааҭгылеит иахьа адунеи аҿы зегь реиҳа ишәарҭоу ачымазара ауаҩы ицәа иалазар, еиликаарц азы иидырша, гәаҭарақәас дызхысша, хәышәтәышьас иамоу уҳәа, зыда ҧсыхәа ыҟам аинформациа.

Л. М. Коӷониа акырынтә инаҵшьны илҳәеит, ахацклаҧшра, аҽгәаҭара шаҭаху. Уи азы Аҧсны ишыҟоу зыҩаӡара ҳараку аҳақьымцәа аус ахьыруа Аонкологиатә центр. Иҳәатәуп, уи ацентр аҿы аҵарауаҩ иахьа ишлыдылкылоз ачымазцәа, аринахысгьы Аҧсны даацыҧхьаӡа адкыларақәа шымҩаҧылгало.