АЛАҲӘАРА

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ирыланаҳәоит 2023–2024-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аџьынџьтәыла аҭоурых. Аҧсны аҭоурых» (07.00.01) – ҭыҧк (1);
  2. «Аҳәынҭқаарратәи амуниципалтәи напхгараҭара» (5.2.7.) – ҭыҧк (1);
  3. «Иаарту-азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә)» ҭҵаарадыррақәа рыла (5.1.2). – ҭыҧк (1).
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • – иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәлаҵеи рыхкьыҧхьлаа;
  • – азҵаабӷьыц (анкета);
  • – аспециалистцәа ҿарацәа рзы – изылгаз аҵараиурҭа Аҵарауаа рхеилак аилатәара аҧкаанҵа агәылҩаа;
  • – иалху азанааҭ ала арефарат (кьыҧхь бӷьыцк рҟынӡа) иазҧхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • – акьыҧхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ҧҵамҭақәеи аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;
  • – амедицинатә ршаҳаҭга (286-тәи аформа);
  • – апатреҭқәа 4 (шәагаала 3×4 иҟоу).
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ҧышәарақәа мҩаҧгахоит 2023 шықәса, абҵарамза 14 инаркны ҧхынҷкәынмза 11-нӡа; Аҧышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыҧхьаӡалахоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Адокументқәа рыдыркылоит 2023 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 2-нӡа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақ., ак. Марр имҩа, 9; аҭел: 921-80-88. 226-69-76; aspirant@mail.ru

ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АБАҨХАТӘРЕИ АДЫРРЕИ АНЕИЦУ

Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит.

Лашәриаа аишьцәа ԥшьҩык (Алықьса, Илиа, Мушьни, Рауль) назлоу, қыҭак иалиааз апоетцәа идырҿиаз, Владимир Аҵниариа иажәақәа рыла иуҳәозар, Кәтолтәи апоезиатә школа ахаҭарнак Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа диит ажьырныҳәа 16, 1938 шықәсазы. 12–13 шықәса анихыҵуаз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит.

Иахьа Мушьни Лашәриа ихьӡ адунеи иадыруеит – Аԥсны жәлар дырпоетуп, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа дакадемикуп, ианашьоуп «Аҳаҭыр дырга» аорден, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Александр Пушкин имедаль, Антон Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа, Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ҭҵаарадырратә усзуҩуп.

Уи аԥхьа – иацы, жәацы, ԥыжәац – апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, аԥсуа поезиа антологиа аиқәыршәаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аиҳабы, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы, ажурнал «Аҟәеи» агазеҭ «Еҵәаџьааи» рредактор хада Мушьни Лашәриа аҵара иҵон: Аԥсны – Кәтолтәи ашкол аҿы, Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭаҿы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә рҵаҩратә институт аҿы; Москва – Алитературатә институт аҿы, Адунеитә литература аинститут аспирантураҿы. Иара убра адиссертациа ихьчеит Иуа Коӷониа ирҿиамҭақәа рыҭҵаарала.

Аус иуан – агазеҭ «Аԥсны», ажурнал «Алашара» рредакциақәа рҿы, аҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩыс. Абри амҩа дшаныз – Кәтоли, Аҟәеи, Москвеи – апоет изҳаит, амҩахәасҭақәа дырныҵны амҩаду данылеит. Москватәи ашәҟәыҩҩцәеи акритикцәеи рыбжьара ициз абаҩхатәра агәра игеит, апоезиатә культура агьама ҳарак икит, аҵара ду иҵеит, аԥышәа ду иоуит. Иԥсҭазаараҿы абаҩхатәреи адырреи еицылеит.

Апоет ирҿиамҭақәа ажәа рхырҳәаахьеит еицырдыруа аҵарауааи, ашәҟәыҩҩцәеи, акритикцәеи – Баграт Шьынқәба, Шалуа Инал-иԥа, Хәыхәыт Бӷажәба, Шоҭа Салаҟаиа, Фазиль Искандер, Вадим Кожинов, Владимир Аҵнариа, Артур Аншба, Сергеи Зыхәба, Руслан Қапба, Михаил Синельников, Леонид Ленч, Наталиа Орлова, Шоҭа Арсҭаа, Мушьни Миқаиа, Гьаргь Гәлиа, Борис Гәыргәлиа, Владимир Занҭариа, Наталиа Ванханен, Адам Гутов, Арда Ашәба, Алина Жьи-ԥҳа уҳәа аӡәырҩы. Урҭ зегь рахьтә аҭыԥ ҷыда имоуп академик Шоҭа Хьыҷ-иԥа Салаҟаиа. Иара иоуп апоети уи ирҿиареи аусумҭа неиҵыхқәа рзызкыз. Абарҭ амшқәа рзы аҵарауаҩ-акритик урҭ истатиақәа зегьы еидкылан хаз шәҟәны иҭижьит. «Жәлар рпоет» (Аҟәа, 2018) захьӡу ари аизга шьаҭоуп, мҩақәҵагоуп Мушьни Лашәриа ирҿиара иазхьаԥшырц иақәызкуа зегьы рзы.

Апоет-аҵарауаҩ ирҿиара абас згьама ҳараку алитература ахәшьаҩцәа, акорифеицәа шахцәажәахьоугьы, уи амаӡақәа нагӡаны макьанагьы иаартӡам.  Саргьы ари сцәажәараҿы урҭ амаӡақәа аасыртуеит ҳәа сауалагахуа. Уи сара иагьсылшом, сҽагьазыскуам. Акызаҵәык исҭаху, апоет ирҿиаратә дунеи ацәаҳәа хадақәа ҳәа избо ралкаароуп.

Мушьни Лашәриа ирҿиара ду, ихьаца-ҵла (ижәдыруеит, ижәбахьеит, ашәшьыраҿ шәтәахьеит) махәҭа рацәала еибаркуп. Урҭ рахьтә ихадараны избоит: апоет иҵла ду – алирикатә махәҭа, аепикатә махәҭа, аиҭагара амахәҭа, аҭҵаара, акритика рымахәҭа. Дара амахәҭа-хырхарҭақәа рахьтә иарбан ихадароу ҳәа уазҵаауазар, аҭак Шоҭа Салаҟаиа ибзиан иҟаиҵахьеит – уи поезиоуп, уаҳа акгьы. Избан акәзар Мушьни Лашәриа, «иуҳәар ауеит, ихы инарканы ишьапаҟынӡа дпоетуп, идоуҳатә дунеи зегь поезиала еибаркуп, поезиала иҳәаақәҵоуп» (Салаҟаиа 2018: 72). Илирикаҿы, иепос аҿы, еиҭагақәа рҿы, икритикаҿы – зехьынџьара аԥыжәара амоуп апоезиа. Арҿиаҩы иҵла амахәҭа хадақәа ирзеиԥшу даҽа ҟазшьакгьы рымоуп. Уи аҿыцроуп. Иалскааз аԥшьхырхарҭакгьы рҿы Мушьни Лашәриа даабоит дҿыцаԥшьгаҩны, зехьынџьара, иаԥхьа иҟаҵаз аиҭаҳәара даламгакәа, еихеиҳаит, иациҵеит, аӡыхь ҿыцқәа хитит, иҳәамыз иҳәеит, иумыз иуит. Уи аганахьала, Мушьни Лашәриа, хымԥада, аԥсуа сахьаркыратә литература акыр ирҵаулеит, ирҭбааит, ашьа ҿыц алеиҵеит, ажәытә ҳаԥшьа аҩ ҿыц ҭеиҭәеит, аужәрақәа хитит, ицәаӷәеит, илеиҵеит, ажәла иҟьеит.

Даҽакалагьы изыҟаломызт, абаҩхатәреи адырреи анеицыла. Уи Мушьни Лашәриа далнакааит, даҽа ԥсыуа поетк диеиԥшымкәа, адырра ҵаулақәа шьаҭас измоу, еицакра зқәым ихаҿсахьа иманы.

Даҽакгьы: Мушьни Лашәриа абарҭ ирҿиаратә ганқәа зегьы, иуҳәар ҟалоит, еицхациркит, еицышьҭихит, иахьанӡагьы еицааигоит. Амала, ус иага иҟазаргьы, сгәанала, алирика аԥхьатәиуп. Уиоуп апоет ирҿиаратә ҟырҟы зырхәыхәыз, ибла хызтыз.

Мушьни Лашәриа дрызҟазоуп аграждантә, афилософиатә, абзиабаратә, апеизажтә, асатиратә лирика иаҵанакуа арҿиамҭақәа. Уи убарҭахеит аԥхьатәи иажәеинраалақәа инадыркны – «Игарҵыз ажәа», «Агәыӷрақәа», «Абырфын ҩны», «Аӡы аҳра», «Арҩашқәа рышьыжь», «Ажәлаҟьаҩ» уҳәа – еиуеиԥшым ипоезиатә еизгақәа рҿы. Шоҭа Салаҟаиа ииашан ишиҳәо еиԥш, «Лашәриа илирика, ипоезиа – ари инарҭбаау метафороуп, – уиала автор еиҳа дазҟазоуп игәҭакы аҳәара, асахьаркра, арҵаулара» (Салаҟаиа 2018: 80). Метафорала адунеитә поезиа атема хадақәа – аԥсадгьыли, ажәлари, ани, ахатәы бызшәеи рхьаа, ахҵәара, аибашьра, аԥсра, аԥсҭазаара, абзиабара ҳаракы – цәыригоит апоет.

Арҿиаҩы, ибаҩхатәреи идырреи ирыбзоураны, адунеитә поезиа лыԥшаах аҩаӡара аҿыԥшра, абжьы, амузыка аҳара инасыԥхеит. Убриалагьы илшеит даҽа цәаҩак змоу, даҽа хкык еиуоу иара ихатәы рҿиаратә жәҩан аартра:

Дырмит ду сакәым, ма Баграт,
Убас хьыӡ камшәа Иуагь иакәзааит!..
Асаара среихырхәахьеит урҭ,
Аха са схазуп, схазызааит!..

Ихазхеит Мушьни Лашәриа иепикатә мҩагьы. Ажәлари, Дырмити, Иуеи, Баграти репикатә традициақәа ирхаҳаны, апоет иаԥиҵеит ихатәы епикатә хан-хьыҵәцара. Еиҳа исахьаркны иуҳәозар, араҟа апоет рашьла фырхаҵа дызҿымсыцыз абахә даҿысит, ажәҩан иаҵасуаз ахра дхалеит, аԥсаатә баҩ иалхыз ахан-хьыҵәцара дыҩналеит, Ажәеиԥшьаа рҭыԥҳа ԥшӡа дымҵаирсит, жәҩантәи адунеигьы иара итәитәит, даԥшәмахеит. Апоет аепикатә жанр игәы шазыбылуаз убарҭахахьан иқәыԥшра шықәсқәа раангьы, абалладақәа, алегендақәа, амифқәа ирылху иепикатә рҿиамҭа кьаҿқәа рыла. Анаҩсҟа илиро-епикатә мҩаҿы, абаҩхатәреи адырреи анеицыла, Мушьни Лашәриа аԥсуа литература, иара адунеитә литература ахаҭагьы иалеигалеит ԥсра-ӡра зқәым аепос ҿыцқәа – «Ахьтәы уасцәа», «Аџьынџь», «Ашаеҵәа». 

Арҭ арҿиамҭа дуқәа еилыхха иаҳдырбеит апоет ажәлар рҭоурыхи рразҟымҩеи рҿы аепохатә хҭыс дуқәа поезиатә ашәала, поезиатә ажәала рсахьа аҭыхра, раарԥшра дшазҟазоу, наунагӡа абиԥарақәа ргәалашәара, рдунеихәаԥшышьа ишазынижьыз. Абас еихых-еиҵыху, амонументалтә сахьа ҭбаа-ҭыцәқәа ҳазҭихит арҿиаҩы.

Адунеитә мифологиеи афольклори еицырдыруа ахьтәы уасцәа амҵарсра иазку ажәытә мифологиатә сиужет ашьаҭала Мушьни Лашәриа, иуҳәар ауазар, иара ихатә миф аԥиҵеит.  Апоема ахҭысқәа амифологиатә ҵабырги аҭоурыхтә ҵабырги рҳәааҿы игыланы избоит. Шоҭа Салаҟаиа излеиҳәо ала, «Ахьтәы уасцәаҿы» «автор иҿаԥхьа иқәгылаз азҵаара уадаҩқәа рыӡбараҿ ҳасабс иҟаиҵеит асиурреалисттә ҩышьа аҽамадара, убриалагьы илшоит <…> исахьаркыратә ҵабырг ахьчара, иҭәы-иԥха идацыркны, еиҳагьы исахьаркны ацәыргара» (Салаҟаиа 2018: 164). Хымԥада, диашоуп аҵарауаҩ. Убри инацҵаны исҳәоит: Мушьни Лашәриа араҟагьы егьырҭ иепикатә ԥҵамҭақәа рҿгьы еиҳагьы иубарҭоуп, ашәҟәыҩҩ ду Гарсиа Маркес ирҿиараҿеиԥш, амагиатә реализм ахархәара шамоу.

Мушьни Лашәриа ипоезиатә лаԥшҳәаа зынӡа амҵәыжәҩа еиҵнахит иажәеинраалоу ироман «Аџьынџь» аҿы.  Аԥсуаа ҳхақәиҭратә еибашьра иазку арҿиамҭақәа рахьтә ари ароман «ҳепикатә поезиаҿ макьаназы иҳәамыз ажәоуп, алирикеи аепоси иреиласырҭоуп, епос ҿыцуп» (Салаҟаиа 2018: 17).   Автор ихаҭа «жәабжьҳәаҩыс» дызмоу арҿиамҭа аибашьра алакҭа уҭанарԥшуеит, апонорама уаланарԥшуеит. Насгьы, иазгәаҭатәу, ароман гәылырҭәаауп автор илитературатә гьама ҳараки илитературатә дырреи рыла. Абри атәы гәалҭеит арҿиамҭа аурысшәахь аиҭагаҩ Наталиа Ванханен: «Как и в пушкинском “Евгений Онегине”, литература – полноправный герой “Отчизны”, ее органическая составляющая» (Ванханен 2018: 5).

Ашәымҭак сазхьаԥшуеит «Ашаеҵәа». Мушьни Лашәриа ари ирҿиамҭа ҿыц, «иуасиаҭ» сгәи сыхшыҩи еимнадеит, ҩныҵҟала исыцралеит, сарыцқьеит, адоуҳатә мчхара сылсит… Аҩымҭа, хымԥада, епикатә ԥҵамҭоуп, поемоуп, аха «автортә сара» ахы инаркны аҵыхәанӡа иагәылсуеит. Уи аганахьала, апоема аепоси алирикеи еимаркуаны, рҳәааҿы игыланы сахәаԥшуеит. Уиоуп ииҳәо Фазиль Искандергьы «Ахьтәы уасцәазы»: «Я чувствую, что и в эпической вещи не утрачены свойства его столь своеобразной лирики» (Искандер 2014: 6).  

Апоет игәы, ихы, иԥсы ирҭиҳәааит Анцәа рашәа, Аԥсы ашәа, аԥсреи абзареи реихылҿиаашьа, еҵәак акыдшәара, даҽа еҵәак акыдлара, ауаҩ иира, иԥсҭазаара, иԥсра рашәа иҳәеит. Абри ақәкы иадҳәалахоит ҵаҟеи хыхьи, аҳаԥи, адгьыли, еиҳаракгьы ажәҩани рсимволика акырџьара ацәырҵра:

Ауаҩԥсы изыԥҵәоуп аԥсра,
Еиҳа-еиҳа иҽазыҟаиҵоит иара…
Ицәеижь азхиазаргь адамра
Деигәыӷуеит жәҩантәи Аԥсҳара,
Убриоуп наӡаӡатәи иҩнра.
(Лашәриа 2018: 66)

Автор ифилософиатә дунеидкылашьа иахылҿиааз арҿиамҭаҿы ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара, ихаҭара, иира, иԥсра рзакәанеиуаршәарақәа ааиртит. Ҳәарада, аламала иузмырҵысуаз, ихьанҭаз усын, ихадароу азҵаара – ауаҩы иԥсҭазаара аҵакы ари адунеи аҿы, даҽа дунеик аҿы, адгьыл аҿы, ажәҩан аҿы – поезиала инагӡа-аагӡан аҳәара, ашьҭыхра, уи иазыԥшаатәын ахатәы бызшәа, ахатәы поетика. 

Ас иҟоу арҿиамҭа, сгәы ишаанаго ала, ауаҩ ҿа изыҩуамызт, илаӡомызт, уиазы ԥсҭазаарак ианыстәын, дунеик аԥҵатәын. Апоет иқәра хатәреи, иԥышәеи, иҟазара дуи, инцәахаҵара нагӡеи ирыбзоуроуп ариҩыза ауасиаҭ-поема азнеира, азаатра. Ааи, «Инапы ҳануп изырхәло, изыршо» ҳәа агәра ганы иззымҳәаз изаԥҵомызт ари арҿиамҭа.

Мушьни Лашәриа, иара иашҭаҿ изызҳауа ахьаца-ҵлеиԥш, амчхара ду змоу иԥсабаратә баҩхатәра илнаршеит Анцәа иажәа ԥсышәала, поезиатә цәаҳәеиқәшәала аҳәара, аԥҵара. Ара, ари ажанр аҿы, Анцәа иашәа аҳәараҿы, апроза алшарақәа еиҳа имаҷхон, Анцәа иажәа амагиатә мчхара азышьҭхуамызт. Уи зылшоз апоезиа акәын. Анцәа ибызшәа, Анцәа иуасиаҭ аԥсышәала ацәыргаразы апоет аԥсшәа алексикаҿы, апоетикаҿы, апластикаҿы ииҭахыз зегь иԥшааит. Уиалагьы аԥсшәа алшарақәа хитит, апотенциал агәра ҳиргеит, Анцәа ибызшәеитәит.  Апоет хаҭа инапаҿы Анцәа иашәеи аԥсшәеи цәгьашәа еинаалеит, Аԥшьаҩыра атерминологиа инапаҿы иааигеит, аханатә иаԥсышәазшәа, аԥсышәала иҩызшәа иҟаиҵеит, алексика ҿыц аԥиҵеит, акосмос иахьатәи абызшәа аԥсышәала ирцәажәеит. Араҟа, хымԥада, апоет адунеитә классикатә рҿиамҭақәа (иара Аԥшьаҩыра назлоу) реиҭагаразын имоу аԥышәа ду иныԥшит, маакырас иоуит, ицҳахеит. Анцәа иажәа аԥсуа динхаҵара, аԥсуа идунеихәаԥшышьа, имагиа, аԥсуа лаԥшҳәаа иҵижьит. Урҭ заҟа еиқәшәоу, еишьашәалоу ааирԥшит, ишеизааигәоу агәра ҳиргеит.

Апоемаҿы асиужеттә хҭысқәеи автор ихәыцрақәеи хеибарҭәаауа, иҭибаго еивагылоуп, акгьы мыцхәымкәа еилоуп, иааузгәамҭо еиласоуп. Арҿиамҭа зегьы леитмотивны, цәаҳәа ҟаԥшьны иагәылсуеит Ани Аԥеи ртема – Анцәа иан, апоет иан ргәы-рыԥсы, рылабжыш, рыԥсеимадара, рыԥсеимдара…  Зегь реиҳа илыԥшааху ацәаҳәақәагьы уи иазыԥшаауп.

Аԥҵамҭа агеографиа, адунеиеибаркыра ҭбааҭыцәуп, амҽхак ҳәаа амам. Уатәнатәуеит автор исахьаркыратә, ифилософиатә лаԥшҳәаа ахарара: Аԥснынтә – Анцәа идунеи ашҟа, уантә еиҭа Аԥсныҟа, ҳаԥшьа-ҭыԥқәа рахь.  «Зыԥсадгьыл зцәыӡыз – ҽа ԥсадгьылк даниаӡом!..»; «Атәым тәылатәи амра уарԥхаӡом…». Арҭ ацәаҳәақәа зыхҳәаау Аԥсны аныҳәара, ҳаԥсадгьыл анцәахаҵаратә ҭоурых аартра даара дақәшәеит, еиҳа изгәакьаны, иҷыдоу бзиабарала иҵауланы ирҿиеит. Апоема абри ахәҭаҿы апоет «Анцәа дызмоу, Анцәа иитәу Аԥсынра» аныхақәа рашәа аԥиҵеит, рҭоурых ашәала иҳәеит («Анцәа иажәеи аԥсадгьыли еицуп»).

«Ашаеҵәа» аиԥш зеиԥшу арҿиамҭа аԥҵара ҳара ҳазлоу ҳдунеи аҿы ԥшаашьа змам ҭагылазаашьак, ҭыԥк аҭахын. Уи аҭыԥ ҽа дунеик, ҽа ԥсҭазаарак акәхон… Иара аԥхьара ахаҭагьы даҽа доуҳатә субстанциак аҭахны избоит…

Мушьни Лашәриа абаҩхатәра ҷыда злоу, здаҟам поет-еиҭагаҩуп. Аԥсышәала ирцәажәахьеит «Ауасиаҭ ҿыц», адунеитә литератураҿы иалкаау арҿиамҭақәа жәпакы, Пушкин, Лермонтов, Руставели, Баирон, Лонгфелло, Петефи уҳәа ԥсра зқәым рҩымҭақәа. Апоет ари аус иазикит дахьынӡааихьоу иԥсҭазаара аӷьырак. Ибаҩхатәреи идырреи анеицыла, Мушьни Лашәриа исахьаркыратә еиҭагақәа аԥсуа литература иатәышьҭрахеит, иара ирҿиарагьы ӷәӷәала ианырит, рыҩаӡара шьҭырхит.

Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа аԥсуа жәлари Аԥсынреи рзы дыхьӡырҳәагоуп, Кремль ахан иашәа, иажәа ҩныҩуеит. Иара ихаҭагьы хьыӡла-ԥшала дҩычоуп, дныҳәоуп-дныԥхьоуп, Анцәа иашәа, Анцәа иажәа иҿоуп. Макьанагьы иимҳәац ашәақәа рацәоуп…

Зараб Џьапуа,
академик

Сышәҟәы “Афольклори даҽа зҵаарақәаки” (Аҟәа, 2022) аҟнытә