АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Аиааира ду амш ахьӡала адныҳәалара

Ҳажәлар, шәхацкы!

Иахьа иазгәаҳҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра.
Ари аныҳәа даҽа ныҳәак еиҧшым. Зҭоурыхтә мҩа еибашьрала ианысуаз аҧсуа жәлар даҽа ҧышәара дук инадгылеит. 1941-1945 шықәсқәа рзы аҧсуа жәлар рыхьӡ ҭызгашаз абиҧара аӷьырак аибашьра адәаҿы иҭахеит, зыҧсы еиқәханы ихынҳәызгьы ахәра ӷәӷәақәа рзынхеит. Ирацәаҩӡоуп хабарда ибжьаӡыз, иахьагьы зыҧсӡы мааҩц ҳҵеицәа.

Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Шәара шәгәымшәара анаҩстәи абиҧарақәа рзы ҿырҧшыган иҟан, иҟоуп, иҟазаауеит наӡаӡа.

Нагӡара ақәзааит аҭынчра! Нагӡара ақәзааит аҧсуа жәлар рҭынч ҧсҭазаара!