АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АКЬЫԤХЬ АБЕИТ АЖУРНАЛ "ААР АДЫРРАҬАРА" (АСЕРИА "АГУМАНИТАРТӘ ҬҴААРАДЫРРАҚӘА") 12-ТӘИ АНОМЕР

Ашәҟәҭыжьырҭа “Academia” аҿы акьыҧхь абеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҭҵаарадырратә журнал “ААР Адырраҭара” (асериа “Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа”) 12-тәи аномер. 

Зураб Џьапуа иредакциала, Виачеслав Чрыгбеи Иури Анчабаӡеи рҭакҧхықәратә редакциала иҭыҵуа аҭҵаарадырратә альманах 2022 шықәсазтәи аномер еиднакылеит жәеиза рубрика иргәылалаз 24 ҭҵаарадырратә статиа. Абызшәадырра иазку арубрикаҿы икьыҧхьуп абызшәадырҩы Виачеслав Чрыгба аҧсуа бызшәа абжьыуатәи, бзыҧтәи адиалектқәа рҷыдарақәа ирызку истатиақәа; абызшәадырҩы Лили Ҳагҧҳа Баграт Шьынқәба иусумҭақәа рыла аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟара иазку лыстатиа. Алитератураҭҵаараҿы иӡыргоуп Таиф Аџьба литературатә критикк иаҳасабала даазырҧшуа аҵарауаҩ Валентин Кәаӷәаниа истатиа; алирикатә фырхаҵа идрама иазку аҵарауаҩ Виачеслав Бигәаа истатиа; аепитет иадҳәалоу теориатә зҵаатәқәак ирызку аҵарауаҩ ҿа Инал Гыцба истатиа; “Аҧсны асоветтә шәҟәыҩҩы” зыхьӡны 1932-1935 шықәсқәа рзы иҭыҵуаз аҧсуа газеҭ 90 шықәса ахыҵра инамаданы агазеҭ аҭоурых аазырҧшуа Алексеи Дбар истатиа. Афольклорҭҵаараҿы ицәыргоуп аҧсуа нарҭтә епос ахыҵхырҭа иазку азҵаарақәа ахьышьҭыху аҵарауаҩ Зураб Џьапуа истатиа, индиатәи ахыҵхырҭа ҿыцқәа хшыҩзышьҭра рыҭаны, Маиҟәаҧтәи аҧсыжырҭақәа рҿы иҧшааз амаҭәарқәа иахьырзааҭгылоу аиндолог Иарослав Васильков истатиа; аенциклопедиатә жәар иазырхиоу аҧсуа жәлар рқьабзтә поезиа иазку Валентин Кәаӷәаниа истатиа кьаҿқәа. Аҭоурыхҭҵаара арубрика аатуеит аҵарауаҩ Аб Дараҭ ХI ашәышықәсазтәи византиатәи ахкы иаҵанакуа ақырҭуа мҳәыр ахылҵшьҭра иазку истатиала; аҳцәа Аносид-Леонидцәеи аҧсуа Багратидцәеи рдинастиа антропонимикон аҟны аҧсуа ҧҳәыс хьыӡқәа ирызкуп аҵарауаҩ Наала Касланӡиа лыстатиа. Аетнологиа арубрикаҿы иаагоуп XI-XIV ашә. рзы Урыстәыла аҭыҧ змаз аҭауадцәа рмалеихшара аҵас иазку аҵарауаҩ ҿа Зулеиха Исмаилова лыстатиа.  Аекономика иазку ахәҭаҿы иӡыргоуп Аҧсны асоциалтә економика аиҭакрақәа рҿы аҳәынҭқарра иааннакыло аҭыҧ иазку аҵарауаҩ Заур Шьалашьаа истатиа, иара убри арубрикаҿы икьыҧхьуп Заур Шьалашьаа иаспирант – Давид Арӡынба – Аҧсны абиуџьет апланеиҿкаараҿы ахықәкытә программақәа ирымоу аҭыҧ иазку истатиа. Архивтә ҧшаамҭақәеи акьыҧхьымҭақәеи ррубрикаҿы раҧхьаӡакәны аҧхьаҩ идгалоуп Алексеи Дбар акьыҧхь иазирхиаз А. Олонецки аҧсуа қалақьқәа ирызкны ииҩхьаз астатиа кьаҿқәа. Адәынтәи анҵамҭақәа рыхәҭаҿы иаагоуп Зураб Џьапуа ажәабжьҳәаҩ Луба Џьапуа илҳәамҭаны ианиҵаз атекстқәеи лара ажәабжьҳәаҩ лхаҭа илызкны ииҩыз аочерки. Арецензиақәа зныло арубрикаҿы иаагоуп Виачеслав Чрыгба “Аҧсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи” захьӡу ишәҟәы иазкны Джорджо Комаи ихҳәаа. Ақәраныҳәақәа ррубрикаҿы акьыҧхь рбеит гәыҧҩык ҳҵарауаа риубилеиқәа ирызкны иҩу астатиақәа. Убас, ари ахәҭаҿы шәаҧхьоит Заур Шьалашьаа 65 шықәса ихыҵра иазку Александр Гәлиа истатиа; Сима Дбар 65 шықәса лхыҵра иазку Валери Бигәаа истатиа; Алик Габелиа 70 шықәса ихыҵра иазку Виктор Аҩӡба истатиа; Аслан Аҩӡба 50 шықәса ихыҵра иазку Илона Агрҧҳа лыстатиа. Аҵарауаа ргәаларшәара иазку арубрика ианылеит аҵарауаҩ Цира Габниа лыҧсҭазаара лалҵра инамаданы иҩу Диана Џьынџьал лнекролог; аҭоурыхҭҵааҩ Валентин Ниушков иҧсҭазаара иалҵра иазкны Олег Бӷажәбеи Аркади Џьапуеи рыстатиа. Аномер иануп иара убас 2021 шықәсазы акьыҧхь збаз аҭыжьымҭа ҿыцқәеи, ажурнал авторцәа ирызку аинформациеи, астатиа ҳадызгаларц зҭаху рзы ишьақәыргыланы иҟоу аҧҟаррақәеи. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Адырраҭара аашәхәарц шәылшоит Академшәҟәы аҿы (Марр имҩа, 9, актәи аихыгыла), мамзаргьы Аҭынчра апроспект аҿы иҟоу ашәҟәыҭиирҭақәа рҿы. Аелектронтә версиа ҭашәгалар шәылшоит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит, мамзаргьы Аҧснытека асаит аҟынтә.