АЛАҲӘАРА
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ирыланаҳәоит 2023–2024-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
- «Аџьынџьтәыла аҭоурых. Аҧсны аҭоурых» (07.00.01) – ҭыҧк (1);
- «Аҳәынҭқаарратәи амуниципалтәи напхгараҭара» (5.2.7.) – ҭыҧк (1);
- «Иаарту-азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә)» ҭҵаарадыррақәа рыла (5.1.2). – ҭыҧк (1).
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала.
Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
- – иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәлаҵеи рыхкьыҧхьлаа;
- – азҵаабӷьыц (анкета);
- – аспециалистцәа ҿарацәа рзы – изылгаз аҵараиурҭа Аҵарауаа рхеилак аилатәара аҧкаанҵа агәылҩаа;
- – иалху азанааҭ ала арефарат (кьыҧхь бӷьыцк рҟынӡа) иазҧхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
- – акьыҧхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ҧҵамҭақәеи аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;
- – амедицинатә ршаҳаҭга (286-тәи аформа);
- – апатреҭқәа 4 (шәагаала 3×4 иҟоу).
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп.
Адкыларатә ҧышәарақәа мҩаҧгахоит 2023 шықәса, абҵарамза 14 инаркны ҧхынҷкәынмза 11-нӡа;
Аҧышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыҧхьаӡалахоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Адокументқәа рыдыркылоит 2023 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 2-нӡа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақ., ак. Марр имҩа, 9;
аҭел: 921-80-88. 226-69-76; aspirant@mail.ru
ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша