АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Аспирантурахь адкылара

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА

ирыланаҳәоит 2021–2022-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:

  1. «Афольклорҭҵаара» (10.01.09) – ҭыԥк (1);
  2. «Аџьынџьтәыла аҭоурых; Аԥсны аҭоурых» (07.00.01) – ҭыԥк (1);
  3. «Аетнологиа» (07.00.07) – ҭыԥк (1);
  4. «Аԥсуа литература» (10.02.01) – ҭыԥк (1);
  5. «Аԥсуа бызшәа» (10.02.01) – ҭыԥк (1);
  6. «Археологиа» (07.00.06) – ҭыԥк (1);
  7. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – ҭыԥк (1);
  8. «Административтә зин; афинансттә зин; аинформациатә зин» (12.00.14) – ҭыԥк (1);
  9. «Аиммунологиа» (03.03.03) – ҭыԥк (1);
  10. «Апатологиатә физиологиа» (14.03.03) – ҭыԥк (1);

Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:

– иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;

– азҵаабӷьыц (анкета);

– аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;

– иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;

– акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;

– апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);

  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;

      Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала  ицәыргатәуп.

Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2021 шықәса, абҵарамза 16 инаркны ԥхынҷкәын 10-нӡа;

Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2022 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.

Адокументқәа рыдыркылоит 2021 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 4-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: ак. Марр имҩа, 9; аҭел: 771–23–45; 226–66–33.

ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша