АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ХҬЫСЛА ИБЕИАЗ АИЛАТӘАРА

2022 шықәса, мшаԥымза 5 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаԥысит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидуим аилатәара.

Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза 28 рзы ААР Аекономикеи азини ринститут аҿы еиҿкааз зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы «Аекономикеи ажәлар рынхамҩа напхгараҭареи: арегионалтә економика» атемала имҩаԥгаз адиссертациа ахьчараҟынтә алкаақәа ианырзыӡырҩ ашьҭахь, ААР Апрезидиум алахәылацәа Лакрба Л.Р. икандидаттә диссертациа ахьчара шьақәдырӷәӷәеит. Алкаақәа дрыԥхьеит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Х.А. Шаҭ-иԥа.

Уи анаҩс Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа ааигәа ахьчара иахысыз аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа И.В. Агрба, Д.Д. Инџьгьиа, А.С. Габелиа рдипломқәа рнапаҟны идиркит.

Анаҩс, ААР Аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны, имҩаԥысит ААР Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор иалхра. Аинститут аколлектив аизараҿы иалырхыз аакандидатура ААР апрезидиум ашҟа инанашьҭит. Аколлектив ихьӡ аҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба. Апрезидиум алахәылацәа маӡалатәи рыбжьыҭара иалҵшәаны, А.Е. Ашәба ААР Аԥсуаҭҵааратә институт адиректорс далхын. Анаҩс апрезидиум аӡбамҭа ААР Азеиԥш еизара ишьақәнарӷәӷәоит.

ААР апрезидиум аилатәараҿы ирылацәажәан егьырҭ еиуеиԥшым азҵаарақәагьы.