АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

2022 шықәса жьҭаарамза 5 рзы имҩаԥысит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәара.

Аилатәара аартуа, ААР апрезидент З.Џь. Џьапуа Аԥсуа академиа ҳаҭыр зқәу адоктор ҳәа адиплом ианаишьеит аҵарауаҩ Р.С. Дбар.

Иара убасгьы Академиа апрезидент даԥхьеит ақәҵара, «Аԥсны иахьатәи адунеи аҿы иамоу ашәарҭарақәа» захьӡыз астол гьежь ҩаӡара ҳаракыла амҩаԥгаразы, Ч.А. Чрыгба, З.И. Шьалашьаа, Л.Б. Цаава азшьақәа рыла ралкааразы.

Анаҩс имҩаԥысит асоциалтәи аҭоурыхтәи ҭҵаарадыррақәа рдоктор М.А. Васькови ААР Аекологиа аинститут адиректор Р.С. Дбари «ААР ҳаҭыр зқәу алахәыла» ҳәа ахьӡқәа рыхҵаразы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР академик В.К. Занҭариа «ААР ҳаҭыр зқәу апрофессор» ҳәа ахьӡ ихҵаразы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР Аҟәатәи афизико-техникатә институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Б.А. Лазба «ААР ҳаҭыр зқәу адоктор» ҳәа ахьӡ ихҵаразы абжьыҭира.

Академиа аԥҟарақәа ишырҳәо ала, абжьыҭира мҩаԥысуан маӡала. Уи иалҵшәаны М.А. Васькови Р.С. Дбари ААР ҳаҭыр зқәу алахәылацәа ҳәа иалхын, В.К. Занҭариа – ААР ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа, Б.А. Лазба – ААР ҳаҭыр зқәу адоктор ҳәа.

ААР апрезидиум аилатәараҿы ирылацәажәан иара убас Академиа 25 шықәса ахыҵра иадҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа.

(Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)