АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ АИЛАТӘАРА

Мшаԥымза 27 рзы имҩаԥысит Аԥсныаҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәара.  

Апрезидиум алахәылацәа ишьақәдырӷәӷәеитАԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟныимҩаԥысраны иҟоу аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәардоктор ҳәа аҩаӡара ахьчаразы Зныктәиадиссертациатә хеилак. 

Уи азҵаара анаҩс, апрезидиум иаднакылазаӡбамҭала, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаАекологиа аинститут адиректор, абиологиатәҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент, Аԥсуауниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор Роман Саид-иԥа Дбар Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҲаҭыр зқәу адоктор ҳәа ахьӡ ихҵан. 

Аилатәараҿы иазааҭгылан аҵарауаҩ инапыишыҵижьхьо ҩ-монографиаки 196 ҭҵаарадырратәстатиеи. Имонографиақәа руак азы ишианаршьахьоу Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зхуАҳәынҭқарратә премиа. Роман Дбариааиԥмырҟьаӡакәа ихы рылаирхәуеитаҭҵаарадырратә конференциақәа. Аԥсныаҩныҵҟагьы, Аԥсны анҭыҵгьы ибзиан ирдыруаҵарауаҩуп. 

Апрезидиум алахәылацәа алацәажәеит аԥсуаҭҵаарадырразы кырӡа зҵазкуа – быжь-томкны иҟоуаԥсуа нарҭтә епос аҭыжьра азҵаара. Алахәылацәаеицҿакны иақәшаҳаҭхеит, афилологиатәҭҵаарадыррақәа рдоктор З.Џь. Џьапуа иредакциалаеиқәыршәоу, нарҭаа рҳәамҭақәа томрацәалатәиаизга аҭыжьра Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаапрезидиум аӡбамҭала ашьақәырӷәӷәара. Аилатәараҿы иазааҭгылан асеиԥш иҟоу апроектаԥсуа ҭҵаарадырра арӷәӷәараҿы илагала дуныишыҟало атәы.