АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

"ИСҲӘАРЦ ИСҬАХЫЗ СҲӘАЗ ЏЬЫСШЬОИТ"

Лаҵарамза 3 рзы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы имҩаҧысит академик, апоет, Ахьӡ-Аҧша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазкыз агәырӷьаратә еилатәара. Уи рхы аладырхәит Академиа апрезидиум алахәылацәа, аҭҵаарадырратә институтқәа рнапхгаҩцәа, Мушьни Таииа-иҧа напхгара зиҭо Аҧсуаҭҵааратә институт Алитература аҟәша аусзуҩцәа.

Аиҧылара аартуа, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа ажәа ҧхала дазааҭгылеит Мушьни Лашәриа Аҧсуа академиа ашьақәгылараҿы, аҧсуа литература аҿиараҿы илагала ду.

Инеиҵыхыз ажәахәқәа рыманы иқәгылеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдокторцәа Владимир Занҭариеи Валентин Кәаӷәаниеи. Урҭ рцәажәарақәа рҿы Мушьни Лашәриа икалам иҵыҵхьо аҩымҭақәа баҩхатәрала еилырган, иналкааны ирзааҭгылан апоет ибзиабаратә лирикеи иеиҭагамҭақәеи.

Агәырӷьаратә еиҧылара иалахәыз Аҧсны зҽаҧсазтәыз актиор Даур Арухаа аиубилиар иқәра ҿыц идныҳәало даҧхьеит “Ахьтәы уасцәа” аҟынтәи ацыҧҵәаха.

ААР Аботаника аинститут адиректор Едуард Гәбаз Мушьни Лашәриа дидныҳәало, иалкааны иҳәеит иара напхгара зиҭо аинститут апоезиатә цәаҩа ахаҵаразы аиубилиар иџьабаа шырацәоу, иҳәеит апоет шиакәу изыбзоуроу Аинститут аҩныҵҟа игылоу аҭәаҵла амҵан есышықәса имҩаҧысуа апоезиа амш. Мушьни Лашәриа дидныҳәалеит иара убас Академиа авице-президент, апоет қыҭак ицалҵыз Сергеи Бебиа.

Аиубилиар ианашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа. Урҭ ҭабуп ҳәа рыхҳәаауа, дықәгылеит апоет ихаҭа. Гәалашәарала ибеиаз ицәажәараҿы Мушьни Лашәриа инаҵшьны иҳәеит Академиа аҩныҵҟа ари аҩыза аиҧылара аиҿкаара иара изы акырӡа шаҵанакуа. Иҭаацәа реиҧш иибо, акыршықәса аус зциухьо аҵарауаа рзеиӷьашьарақәа игәаҵанӡа ишнеиз. Ирҿиаратә нысымҩа дазхьаҧшуа, апоет иҳәеит: “Исҳәарц исҭахыз сҳәаз џьысшьоит” ҳәа. Аиҧылара хыркәшо, аиубилиар, иара ишиаҭәоу еиҧш, ҟазара ҳаракыла дрыҧхьеит иҩымҭақәеи еицырдыруа иеиҭагамҭа “Мцыри” ацыҧҵәахеи.