94 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Зинаида Всеволод-иҧҳа Шевцова.
Зинаида Шевцова адунеи аҿы зыхьӡ рдыруа ҵарауаҩын. Лара илаартымҭаны аҭҵаарадырраҿы, адунеитә медицинаҿы инхеит ахархәара ду зауз авирус “Аҟәа-64” ҳәа. Аҵарауаҩ хырхарҭа хаданы илыман ауаҩи амаамыни рцәа иалоу авирустә инфекциақәа рыҭҵаара.
Зинаида Всеволод-иҧҳа 160 ҭҵаарадырратә кьыҧхьымҭа дравторын. Лара лнапхгарала ихьчан доктортә диссертациаки акандидаттә диссертациақәа хҧеи.
Аҵарауаҩ илбахьаз аџьабаазы иланашьан хыҧхьаӡара рацәала аорденқәеи амедалқәеи. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы Ахьӡ-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара. Лхатә ҧсҭазаараҿы Зинаида Шевцова абаагәареиҧш длывагылан лара леиҧшҵәҟьа зыхьӡи зхыҧшеи ыҟаз аҵарауаҩ, шықәсқәак раҧхьа зыҧсҭазаара иалҵыз Баркаиа Владимир Спиридон-иҧа.
Зинаида Всеволод-иҧҳа адунеитә ҭҵаарадырраҿы, аҧсуа ҭҵаарадырраҿы лыхьӡ хашҭра ақәымкәа иазынхоит.