Алаҳәара

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ирыланаҳәоит 2026 шықәса, ԥхынҷкәынмза нҵәаанӡа ишымҩаԥгахо ААР аҟны алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхра. Аҭыԥқәа еихшоуп аҭҵаарадырра анаҩстәи аҟәшақәа рыла: 5 ҭыԥк – ААР алахәыла иашақәа (академикцәа) рзы: 3 – агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыла; 2 – аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыла. 5 ҭыԥк – ААР алахәыла-корреспондентцәа рзы: 3 – агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыла; 2 – аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыла. ААР алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ркандидатурақәа рықәыргылара азин рымоуп ААР Аинститутқәа рҵарауаа рхеилакқәеи рыҭҵаарадырра-техникатә хеилакқәеи, егьырҭ аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҵарауаа рхеилакқәа, иара убас ААР алахәыла иашақәа (академикцәа) дара зҵазкуа ААР аҟәшақәа рыла. Ақәыргыларақәа раан изықәныҟәатәу документ хаданы иҟазаауеит акандидатурақәа шықәыргылатәу, ианықәыргылатәу, документқәас иадгалатәу зныԥшуа «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхрақәа ирызку аԥҟарақәа». Аԥҟарақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит аҟны (akademra.org). Иаҳа инҭкаау адырраҭаразы шәадҵаал ААР апрезидиум абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақалақь, акад. Н.И. Марр имҩаду, 9. Аҭел: +7(940)-770-63-54; +7(940)-990-48-87. E-mail: akademana@mail.ru   ААР апрезидиум

ААР АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА, ААР АУСУҨЦӘА НААЛА БАРЦЫЦИ САИДА ҲАЏЬЫМИ ПЕТРОЗАВОДСК ИМҨАԤЫСУАЗ XII ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АҬҴААРАДЫРРА-ПРАКТИКАТӘ СЕМИНАР ИАЛАХӘЫН

Петрозаводск (Карелиа) апрель мза 21 инаркны 23 рҟынӡа «Адәынтәи аусурақәа рметодика, афольклортә, аетнографиатә, абызшәатә, анапылаҩыратә материалқәа рархивтәреи рыҭҵаареи» ҳәа хьӡыс измаз ХII Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә семинар мҩаԥысит.

Хымш ирылагӡаны Урыстәылеи, Аԥсни, Белоруссиеи рҟынтәи 60-ҩык инареиҳаны аҵарауаа ргәаанагарақәа еибырҳәеит, рԥышәақәа еимырдеит. Асеминар мҩаԥысит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Карелиатәи аҭҵаарадырратә центр Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҿы.

Апленартә еилатәараҿы ААР апрезидент Зураб Џьапуа «Ажәабжьҳәаҩ – зхатә репертуар назыгӡои ианызҵои» ҳәа захьӡыз ажәахә ҟаиҵеит. Ари атема урыстәылатәи аколлегацәа аинтерес рызцәырнагеит, избан акәзар афольклорҭҵаараҿы рхатә рҿиамҭақәа иагьыназыгӡоз иагьҭазыҩыз ажәабжьҳәаҩцәа рҿырԥштәқәа рацәам. Аха Аԥсны урҭ рҩызцәа ыҟан.

Наала Барцыц асекциатә еилатәараҿы «Аԥсуа ҭоурых-фырхаҵаратә ашәақәеи аҳәамқәеи рынагӡаҩ» ҳәа хьӡыс измаз ажәахә ӡырылгеит. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Саида Хаџьым онлаин форматла «1992-1993 рзтәи Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраантәи афольклор аизгареи асистематәреи» захьӡыз ажәахә ҟалҵеит.

Аҭҵаарадырра-практикатә семинар аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Карелиатәи аҭҵаарадырратә центри рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит ААР апрезидент Зураб Џьапуеи Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Карелиатәи аҭҵаарадырратә центр адиректор хада Ольга Бахмети. Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, Аиқәшаҳаҭра аҩҭҵаарадырратә усбарҭак рыбжьара хра злоу русеицура иашьаҭахоит.