АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

ААР АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА МОСКВА ИМҨАԤЫСУАЗ А. М. ГОРКИ ИХЬӠ ЗХУ АДУНЕИТӘ ЛИТЕРАТУРА АИНСТИТУТ АФОЛЬКЛОР АҞӘША АИЛАТӘАРА ДАЛАХӘЫН

Аԥсуа нарҭтә епос ҩбызшәаклатәи академиатә сериа «Европеи Азиеи рыжәларқәа репос» аҿы итыцраны иҟоуп. Абри азцаара иалацәажәеит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут Афольклор аҟәша аилатәараҿы. Уи далахәын Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, нарҭдырҩы Зураб Џьапуа.

Академиатә сериа «Европеи Азиеи рыжәларқәа репос» аҿы нарҭтә епос егьырҭ амилаҭтә версиақәа (адыга, ауаԥс, абалҟар-ҟарачытәи) ҭыҵхьеит.   

Аиԥылараҿы афольклор аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимир Клиаус агәазыҳәара ааирԥшит, аԥсуа том иҭыҵхьоу ажәларқәа репикатә баҟақәа ирылукаартә иҟаларц.

Агәҭакы анагӡаразы актәи ашьаҿа ҟаҵоуп ҳәа азгәарҭеит аилатәара алахәылацәа. Уажәшьҭа Зураб Џьапуа инапхгарала архиара иалагахоит аҭыжьымҭа. Иаҭаху аматериал алхразы аусумҭа ду ҭыҵхьеит. 2024 шықәса рзы ашәҟәҭыжьырҭа «Academia» иҭнажьит жәа-томк рыла ишьақәгылоу Аԥсуа нарҭтә епос. Уи азы 1980-тәи ашықәсқәа инадыркны аепикатә текстқәа реизгареи рсистематизациеи даҿын аредактор-аиқәыршәаҩыс Зураб Џьапуа.

«Аԥсуа нарҭтә епос «Европеи Азиеи рыжәларқәа репос» ҳәа ахьӡ змоу асериаҿы акьыԥхьра, зегь раԥхьаӡа иргыланы, аԥсуа епос адунеизегьтәи аҵарадырратә фонд алагаларазы крызҵазкуа усуп. Адунеи аҿы урысшәалатәи аԥхьаҩцәа ҳепос адырразы алшара роуеит», –  ҳәа азгәеиҭеит Зураб Џьапуа.

Аиԥылараҿы Зураб Џьапуа еиҭеиҳәеит А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантура данҭаз аамҭазы ҩ-бызшәак рыла иҟало академиатә нарҭтә епос аҭыжьразы агәҭакы шимаз. Уи аӡбахәала драцәажәахьан ирҵаҩы, раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩ Шоҭа Салаҟаиа, иҭҵаарадырратә напхгаҩы Виктор Гацак, еицырдыруа нарҭҭҵааҩы Алла Алиева, уи аамҭазы Аԥсуа институт анапхгаҩы Владислав Арӡынба. Аха усҟан еилкаахеит, аԥсуа нарҭтә епос атекстқәа аоригинал абызшәала системала еиқәыршәаны иркьыԥхьаанӡа, аиҭагара алацәажәара заацәаны ишыҟаз. Ари зегь зымҽхазкуа аусумҭа аа-томк анҭыҵ ашьҭахь, аԥсуа нарҭтә епос «Европеи Азиеи рыжәларқәа репос» ҳәа ахьӡ змоу асериаҿы акьыԥхьразы агәҭакахьы ахынҳәра алыршахеит. Зураб Џьапуа иаргументқәа раҳаит, аилатәара иалахәыз аепос акьыԥхьразы аидеиа рыдыркылеит.