Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет (РГСУ) аректор Андреи Хазини реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара аганқәа реибадырреи аусеицуразы алшарақәа рылацәажәареи ирызкын.
Аиҿцәажәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Андреи Хазин изеиҭаҳәан Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҭоурыхи уи иаҵанакуа аҭҵаарадырратә институтқәа русуреи ртәы. Хазы иазааҭгылан аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵарала ААР-и Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә центрқәеи русеицура атәы. Иара убас, Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университет аекспертцәа адиссертациақәа рыхьчараан зныктәи акомиссиақәа ралархәразы радыԥхьалара иалацәажәан.
Аиԥылара аихшьаалақәа рыла иӡбан, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә социалтә университети рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩразы азырхиара.



