АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

«АРТУР АРТИОМ-ИԤА АНШБА ИԤСҬАЗААРЕИ ИРҾИАРЕИ РДАҞЬАҚӘА» ЗАХЬӠУ ЗУРАБ ЏЬАПУА ИШӘҞӘЫ ҬЫҴИТ

Ашәҟәҭыжьырҭа Academia «Аԥсуаҭҵааҩцәа нагақәа» рсериаҿы ашәҟәы «Артур Артиом-иԥа Аншба иԥсҭазаареи ирҿиареи рдаҟьақәа» аԥсышәалеи урысшәалеи иҭыжьуп. Уи авторс дамоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа. Аҭыжьымҭа аҵарауаҩ Артур Аншба диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкуп.
Зураб Џьапуа иҭҵаарадырратә очерк аҿы Артур Аншба иԥсҭазаареи иҭҵааратә ҭынхеи инарҵауланы дырзааҭгылеит. Иазгәаҭоуп, Артур Аншба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла дшалахәыз, еицырдыруа «Аԥсуа шәҟәы» авторцәеи аредакторцәеи дшыруаӡәкыз.
Кавказдырҩы, афольклорҭҵааҩ, аетнограф, аепосдырҩы, алитератураҭҵааҩ, нарҭаа репоси асахьаркыратә литературеи рызҟаза Артур Артиом-иԥа Аншба инижьит ибеиоу аҭҵааратә ҭынха. Урҭ игәылҭәаау рсиа аагоуп ашәҟәы хзыркәшоу А. Аншба иусумҭақәа рбиблиографиаҿы. Иара иҭҵааратә ҭынха аҵарауаа ҿарацәеи ауниверситет астудентцәеи рҵарадырраҿы ахархәара ду рымоуп.
Иҳәатәуп, Зураб Џьапуа аҵарауаҩ ирҿиара уажәадагьы дшазааҭгылахьоу: Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь акыр аус адуланы ишыҭижьхьоу Артур Аншба еизигаз жәлар рҳәамҭақәа ртекстқәа еинрааланы, ҭҵаарадыррала иҳараку акомментариқәа рыцҵаны, аҵарауаа еснагь изызхьаԥшуа «Аԥсуаа рфольклор» (аҭҵаарадырратә редакторс дамоуп Владислав Арӡынба).
Ашәҟәы «Артур Артиом-иԥа Аншба иԥсҭазаареи ирҿиареи рдаҟьақәа» 500 цыра ҭыжьуп.