Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 2022 шықәа раахыс ес-ҩышықәса имҩаԥнаго афорум аҿарацәа рдыррақәа реимдареи еиҵагыло аҵарауаа рыцхыраареи рзы акыр зҵазкуа хҭысны иҟоуп. Традициала афорум ашьҭахь ажәахәқәа зегьы зныло аизга ҭыжьхоит.
Еизаз афорум аартра рыдныҳәало, ААР апрезидент Зураб Џьапуа иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аусура зегь раԥхьаӡа изызку аспирантцәеи аҵарауаа ҿарацәеи рызҵаара шаку.
«Сақәгәыӷуеит, форум-цыԥхьаӡа ҳаҭҵаарадырратә лшарақәа ҵаулахоит, иаҳа-иаҳа рҽеиҵырхлоит ҳәа. Афорум апрограммаҿы иубарҭоуп, аԥсышәала иҟоу ажәахәқәа шмаҷым. Аԥсшәа, ҳаԥсадгьыл аҳәынҭқарратә бызшәа иаҳагьы аҭыԥ рацәа аҭара хымԥадатәиуп. Ишәгәаласыршәоит, Академиа апрезидиум аҿы синициативала, аԥсышәала иҩу аҿарацәа рыҭҵаарадырратә усумҭақәа рзы 50 нызқь мааҭ рҟынӡа инаӡо есышықәсатәи апремиа аԥҵаны ишҳамоу. Аҳәара ҟасҵоит, аконкурс ашҟа шәусумҭақәа иҵегь активла инашәышьҭларц азы. Абраҟа ишәасҳәоит даҽа жәабжь бзиакгьы. Аԥсны аҭҵаарадырра амш аламҭалазы Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аусԥҟа ҭижьит Аԥсны аспирантцәеи астуденцәеи рҟынтә аҭҵаараҿы, аҵараҿы абаҩхатәра ҷыда аазырҧшуа рзы Аԥсны Ахада хаҭалатәи истипендиа 10 нызқь мааҭ рҟынӡа ашьҭыхра иазкны. Ишәдыруаз, ари аусгьы шьаҭас иамоу Аԥсуа академиа иҟанаҵаз аинициатива ауп. Акыр иаԥсоу ҳҵарауаа ҿарацәа, хымш ицо шәфорум аҿы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәа, аҭҵаарадырратә, арҿиаратә диалог бзиа», – иҳәеит Зураб Џьапуа.
ААР президент актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа, ААР апрезидент ихаҭыԥуаҩ Ианварби Екба, ААР Ақыҭанхамҩа аинститут адиректор Лиосик Аиба аҵарауаа ҿарацәа афорум аартра рыдырныҳәалеит, ақәҿиарақәа рзеиӷьашьо, адгылара шрырҭо иақәдыргәыӷит.
«Аҭҵаарадыррада атәылеи ауаажәларреи рыҟазаара залшом – аҭҵаарадырра аҳәынҭқарра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы аҿиара шьаҭа хадас иамоуп. Шәзанааҭқәа шеиԥшымгьы, шәара зегьы аԥсуа ҭҵаарадырратә еилазаара шәахаҭарнакцәоуп, убри аҟынтә шәеицхыраалароуп, шәдыррақәа еимышәдалароуп. Убри аан ҳара, аиҳабыратә абиԥара, шәааигәара ҳаҟоуп ацхыраара ахьышәҭаххо», – иҳәеит Сергеи Бебиа.
Афорум актәи амш азы аԥсышәала ажәахәқәа ҟарҵеит Ренат Ламиа, Есма Ԥачлиаԥҳа, урысшәала – Рашьыд Ҵәыџьба, Фаина Горухчиева, Дауҭ Ҭарба.
Афорум аҩбатәи-ахԥатәи амшқәа рзы азҿлымҳара змоу зегьы азыӡырҩцәас иҟалар рылшоит. Жьҭаарамза 27-28 Аботаникатә институт аконференц-зал аҿы аҿарацәа ражәахәқәа ирыԥхьалоит.











????????????? 



