Аботаникатә институт аконференц-зал аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа, аҵарауаа ҿарацәа, аспирантцәа.
2024 шықәса абҵарамза 24 – 26 рзы Аҟәа имҩаԥысыз аҵарауаа ҿарацәа Аҩбатәи Аԥснытәи рфорум аҿы иҟаҵаз ажәахәқәа 45 аизгаҿы еидкылоуп. 500 даҟьа змоу ашәҟәы иҳараку акьыԥхьратә хаҭабзиарала ААР ашәҟәҭыжьырҭа Аcademia иҭнажьит. Апроект анапхгаҩы – Зураб Џьапуа.
Аизга аиқәыршәаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ААР аспирантура аҟәша аспециалист Адгәыр Цымцба ишазгәеиҭаз ала, ас еиԥш иҟоу аҭыжьымҭа аӡыргара – аԥсуа ҭҵаарадырра аҿиара шамоу арҵабыргуеит.
«Аԥсуа ҭҵаарадырра ҭыԥк аҿы игылаӡом, иҿиоит, уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәра здызкыло аҵарауаа ҿарацәа реиҵааӡара иаҿуп. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иаԥшьгарала имҩаԥысуа афорум аҵарауаа ҿарацәа рзанааҭтә еимадареи агәаанагарақәа реимдареи рзы акыр зҵазкуа платформаны иҟалеит», – иҳәеит Адгәыр Цымцба.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аинститутқәа ааба рҟынтәи аҵарауаа ҿарацәа рстатиақәа рҿы еиуеиԥшым атемақәа ирзааҭгылеит: агуманитартәи аҭоурыхтәи ҭҵаарақәа инадыркны аекономика, аекологиа, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәа рҟынӡа.
ААР апрезидент Зураб Џьапуа игәаанагарала, аҵарауаа ҿарацәа реизга ҿыц аӡыргара Аԥсны анаука аҿиаразы иалкаау хҭысуп.
«Аԥсны аиҳабыра ҳгәырӷьара ҳацеиҩыршар ҳҭахуп. Насгьы идҳарбарц, ираҳарц ҳҭахуп аҵарауаа ҿарацәа – анаука уаҵәтәи амш, анаука мацара акәым, ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи амш, аразҟы – азыҟаҵара бзиа, аҭҵаарадырратә лшара шрымоу. Урҭ иҵегь хшыҩзышьҭра шырҭаху, аспирантцәа рыстепендиа ашьҭыхра инаркны агрантқәа рҟынӡа, рхылаԥшра, рымҩақәҵара даараӡа иаҭахны ишыҟоу. Сгәанала, ауаажәларра, кыр еиқәнархозар, анаука еиқәнархоит», – иҳәеит Зураб Џьапуа.
Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сариа Дбар лажәақәа рыла, Москва лҵара хыркәшаны Аԥсныҟа даныхынҳә ашьҭахь, ари афорум лыԥсадгьыл аҿы дызлахәхаз раԥхьаӡатәи усмҩаԥгатәны иҟалеит. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, аредакциатә еилазаара, аизга акьыԥхьразы аџьабаа збаз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа атәыла аиҳабыра рыхьӡала аӡыргараҿы дықәгылит.
«Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит есыҽны ааԥсарада, гәацԥыҳәарала аҭҵаарадырра иазышәкуа шәџьабаазы. Аҵареи аҭҵаарадырреи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иашьаҟақәоуп. Аҭҵаарадырра еиԥҟьара аиуам, иаԥсоу абиԥара анааӡо. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҵарауаа ҿарацәа рԥышәа еиззырҳауа афорумқәа реиҿкааразы», – ҳәа азгәалҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.
Аӡыргараҿы ирылаҳәан, октиабр мзазы, Аԥсны аҭҵаарадырра Амш инадҳәаланы, Аҟәа аҵарауаа ҿарацәа Ахԥатәи рфорум шымҩаԥгахо.






