АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДИУМ ИЗААМҬАНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум аилатәараҿы иналукааша аҭоурыхҭҵааҩы Станислав Лакоба иҭынха анаӡаӡатәра азҵаара иахәаԥшит.

2025 шықәса цәыббрамзазы, 72 шықәса шихыҵуаз, еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә-политикатә усзуҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, 1989 шықәсазы Лыхнытәи ааԥхьара автор, ашәҟәы «Аԥсны аҭоурых» авторцәа руаӡәк Станислав Лакоба амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Станислав Лакоба игәалашәара анаунагӡатәреи, иҭҵаарадырреи ирҿиаратә ҭынха аиқәырхареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа Синоптәи апарк аҿы иҟоу аллеиақәа руак Станислав Лакоба ихьӡ ахҵара азҵаара иахәаԥшразы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум ахь ажәалагала ҟанаҵеит.

Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы иԥсҭазаара иалҵра атәыла азы ицәыӡ дууп, ҳәа азиҳәеит ААР апрезидент Зураб Џьапуа, насгьы Апрезидиум алахәылацәа Аҳәынҭқарратә комиссиа ааԥхьара адгылара арҭарц ааԥхьара риҭеит, ас еиԥш аӡбара иааизакны апарк зегьы аҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауеит, уи ахь азҿлымҳара еиҳахоит ҳәа азгәеиҭеит.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа Станислав Лакоба игәалашәара иазкны апарк ҿыц аԥҵазарц алшон, ҳәа агәаанагара иҳәеит.

Аилатәараҿы иазгәаҭан, Аҳәынҭқарратә комиссиа апарк зегьы ахьӡ аԥсахразы, уи Аҟәа Ахадарахь аиагаразы уаанӡа иҟанаҵаз аҳәара мап шацәкыз. Уи ашьҭахь аҳәынҭкомиссиа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум ахь иаанашьҭит академик Виачеслав Чрыгба иҟаиҵаз акомпромисстә жәалагала. Убасала, Апрезидиум алахәылацәа рыбжьы ҭины ирыӡбеит Синоптәи апарк аллеиақәа руак Станислав Лакоба ихьӡ ахҵара.

2026 шықәса актәи азбжазы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аҟәшақәа русура иазкны ажәахә ҟаиҵеит ААР академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа. Иажәақәа рыла, Академиа Аҟәшақәа хԥа зегьы рҿы атематикатә планқәа инарықәыршәаны аҭҵаарадырратә усура мҩаԥысуеит, амонографиақәа аҭыжьра иаздырхиоит, аҵарауаа Аԥсни анҭыҵи имҩаԥысуа аконференциақәа рхы рыладырхәуеит.

«Ҳазну ашықәс актәи азбжазы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы аҭҵаарақәеи аиҿкааратә усурақәеи мҩаԥысуан ААР Апрезидиум ишьақәнарӷәӷәаз Еизаку атематикатә план инақәыршәаны. Уи аплан иазԥхьагәанаҭоит 26 проблема рхы-рҵыхәала 156 хәҭа рыла ишьақәгылоу 133 тема аус рыдулара», – иҳәеит Валентин Кәаӷәаниа.

Аилатәараҿы аиҿкааратә зҵаарақәа жәпакы ирылацәажәан – урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ААР иаҵанакуа аштаттә маҵураҭыԥқәа рсиа ашьақәырӷәӷәара, насгьы Ақыҭанхамҩатә институт адиректор икандидатура ақәыргыларазы абжьыҭара иалахәхараны иҟоу рсиа ашьақәырӷәӷәара. Иара убас, зыԥсҭазаара иалҵхьоу ААР академикцәеи алахәыла-корреспондентцәеи рыҭҵарадырратә ҭынха анаӡаӡатәразы акомиссиақәа русура иалацәажәан.