АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА УРЫСТӘЫЛАТӘИ АҬҴААРАДЫРРАТӘ ФОНД АДИРЕКТОР ХАДА ВЛАДИМИР БЕСПАЛОВ ДИԤЫЛЕИТ

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуеи Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә фонд адиректор хада Владимир Беспалови Москва еиԥылеит.

Аиԥылараҿы Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә фонд аконкурстәи агранттәи программақәа рҿы Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа еицырзеиԥшу апроектқәа рыхәаԥшреи, иара убас урҭ афинансқәа рзоурышьҭыртә алшарақәеи рыԥшаареи ирылацәажәеит.

Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә фонд 2013-тәи ашықәс азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иаԥшьгарала иаԥҵан (уи Агәрагаратә хеилак ахантәаҩыс дыҟоуп Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Андреи Фурсенко). Афонд аҵарауаа афундаменталтәи аԥшааратәи ҭҵаарақәеи аинновациатә проектқәеи рынагӡаразы агрантқәа рынаҭоит. Аекспертцәа рыхәшьара инақәыршәаны, афонд х-хырхарҭак рыла агрантқәа зауз алнахуеит. 2014-тәи ашықәс инаркны афонд 23 000 инареиҳаны апроектқәа ирыдгылеит, урҭ зегьы ааидкыланы 265 миллиард мааҭ инареиҳаны ирықәхарџьын. Арҭ апроектқәа рхы рыладырхәит Урыстәыла арегионқәа 84 рҟынтәи 80 000 аҵарауаа.

Уаанӡа аԥсуа ҵарауааи Урыстәылатәи ашьаҭанкылатә ҭҵаарақәа рфонди (РФФИ) Урыстәылатәи агуманитартә ҭҵаарақәа рфонди (РГНФ) аусеицура рыбжьан. Жәашықәса инареиҳаны, аиҭеиҿкаара ашьҭахь, Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә фонд урҭ рҭыԥан иҟалеит. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа уи аус ацуразы агәазыҳәара амоуп.

Зураб Џьапуеи Владимир Беспалови русуратә еиԥылара хра злоу аҟазшьа аман – аганқәа еиуеиԥшым ахырхарҭала аусеицура амҩаԥгареи афинанстә цхыраара ахыҵхырҭақәа рыԥшаареи рыҽшазыркуа еибырҳәеит.

«Владимир Беспалови сареи инарҭбааны ҳаицәажәеит. Аусеицуразы еиуеиԥшым авариантқәа ҳарзааҭгылеит. Алҵшәақәа рылацәажәара заацәоуп, аха ҳаицәажәараан Аԥсны аҭҵаарадырра аҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа рыдгыларазы агәазыҳәара шыҟоу еилыскааит», – иҳәеит ААР апрезидент Зураб Џьапуа.

Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә фонд адиректор хада Владимир Беспалов иажәақәа ишьақәдырӷәӷәеит, Аԥсны аҭҵаарадырра аҭагылазаашьа, имҩаԥысуа аԥсуа-аурыс форумқәа, уаанӡа еицымҩаԥгаз аҭҵаарадырратә проектқәа ртәы шидыруа. Аҩ-тәылак рҟынтәи аҵарауаа акыр ҵуеит азанааҭтә еизыҟазаашьақәа рыбжьоижьтеи, ҳәарада, аҳәынҭқарратә усбарҭақәагьы урҭ рҽрыладырхәырц, адгылара рырҭарц азы аамҭа ааит – абри акәын аицәажәара алеитмотив.

Аиԥылара адырҩаҽныҵәҟьа Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә фонд аҟынтәи аҭак ааит: Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аканцелиариахь аус адуларазы идәықәҵан Аиқәышаҳаҭра авариант. Аԥсни Урыстәылеи рҵарауаа еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара алыршахоит, Аԥсны аиҳабыра рҟынтәи адгылара роур.