Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (ААР) аҟәшақәа хԥеи урҭ ирыҵаркуа аинститутқәа быжьбеи рҿы 2025-тәи ашықәс алҵшәақәа Аботаникатә баҳча аконференц-зал аҿы март 13 рзы имҩаԥысыз Аизара ду аҿы ирылацәажәеит. Аизара аартуа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит, атәыла аҭҵаарадырратә ԥсҭазаара иаҳхысыз ашықәс ахҭыс бзиақәеи аихьӡарақәеи рыла ишбеиаз. Аҳасабырбатә шықәсы иалагӡаны аҵаруаа рымчала иҭыжьын аԥсышәалеи, урысшәалеи, англыз бызшәалеи, ҭырқәшәалеи иҩу еиуеиԥшымыз 30 шәҟәы инареиҳаны, 300 рҟынӡа астатиақәеи атезисқәеи. 2025 шықәсазы ААР асистемаҿы имҩаԥган аҭҵаарадырра-еиҿкааратә форумқәа жәпакы – аҭҵаарадырратә сессиақәа, аконференциақәа, аекспедициақәа уҳәа. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа иҳәеит, игәауҭаратәы ишазҳаз аҳәынҭқарра аганахьала аҭҵаарадырра иаиуа адгылара. Ааигәа имҩаԥысыз аԥыза-министр Владимир Делбеи иареи русуратә еиԥылара атәы еизаз ирзеиҭеиҳәеит. Ишьҭыхыз азҵаарақәа жәпакы рыӡбаразы амҩақәа шазыԥшаахо умҩашьаратәы уақәгәыӷыртә иҟоуп. Аԥсны аиҳабыра рыгәцаракра иабзоураны иаҳхысыз ашықәс азы ААР асистемаҿы аус зуа аҵарауаа руалафахәы иаарнырратә ишьҭыхын. Сынтәа иазырҳауп иара убас аҵарауаа рыҭҵаарадырратә ҩаӡарақәа рзы есымза иазԥхьагәаҭоу аԥара. Зураб Џьапуа дырзыгәдуны аҭҵаарадырратә ҿари аспирантцәеи реихьӡарақәа рыцбахә далацәажәеит. ААР иаҵанакуа аинститутқәа рҵарауаа шьардаҩык иааиԥмырҟьаӡакәа ҽышәала рыҽрыладырхәуеит аҿар реиҵааӡара иазҳәоу аусмҩаԥгатәқәа, иара убас аспирантура иҭало аҿар рԥышәарақәа рыдкылара, адиссертантцәа напхгара рзура, адоктортәи акандидаттәи диссертациақәа рықәҿыҭра уҳәа убас ирацәаны. Аизара ду аҿы ажәахә хада ҟаиҵеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик-маӡаныҟәгаҩ Валентин Кәаӷәаниа. Иара иажәақәа рыла, иаҳхысыз ашықәсаз азы ААР имҩаԥнагеит Азеиԥш еизарақәа ҩба, апрезидиум аилатәарақәа – 11. Урҭ рҿы ирылацәажәан иахәҭоу ақәҵарақәа рыдкылан хра злоу азҵаатәқәа жәпакы. Ихҭысны иҟалеит ҵыԥх В. Г. Арӡынба диижьҭеи 80 ш. аҵра иазкны ААР апрезидиум имҩаԥнагаз инеиҵыху аилатәара. «ААР аҟәшақәеи аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәеи рҿы аҵарауаа аус рыдырулон 146 хәҭа змаз 121 тема рыла ишьақәгылаз 27 проблема. Урҭ рахьынтә иахьазы ихыркәшоуп 52 тема, егьырҭ иаанхаз 69 рынагӡара ҳаԥхьаҟатәи ашықәсқәа рахь ииасуеит», – иҳәеит Валентин Кәаӷәаниа. Иажәахә аҿы дазааҭгылеит, ААР иаҵанакуа аинститутқәеи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи наҟ-ааҟ ирыбжьоу аусеицуразы реимадарақәа иаҳа-иаҳа ишыҭбаахаз. «Аԥсуа ҵарауаа адунеи ахьынӡа-наӡааӡо рыхә ҳаракны ишьоуп. Уи арҵабыргуеит 2025 шықәсазы аҭыԥ змаз уаҩ дзеигәырӷьара ахҭыс. Виачеслав Чрыгба лекторк иаҳасабала днаԥхьан Леидентәи ауниверситет (Нидерланды) ахь алекциақәа рыԥхьаразы. Ҩымчыбжь инарзынаԥшуа даԥхьон аԥсуа бызшәа аграмматика иазку акурси аԥсуа-адыга бызшәеи ҩадакавказтәи абызшәеи реицхылҿиаара азҵаатәы иамадаз алекциеи. Европатәи ауниверситетқәа рассоциациа ахеилак инеиҵыху аилатәараҿы уи алахәылас далхын академик Алеко Гәарамиа. ААР алахәыла-корреспондент Иури Анчабаӡе Ҟабарда-Балҟариатәи ареспублика аҭҵаарадырреи атехникеи рырҿиараҿы илагалазы даԥсахеит ареспублика Аҳәынҭқарратә премиа», – иҳәеит ажәахәҟаҵаҩы. ААР апрезидиум аӡбамҭала сынтәа инаркны ААР агриф ала аҭыҵра иалагоит ажурнал ҿыц амедико-биологиатә, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәеи, адгьыл иазку аҭҵаарадыррақәеи рыҟәшала. Аҭыжьымҭа аҭҵаарадырра-практикатә хырхарҭа амазаауеит, иагьахьӡхоит «Аклиникатәи аексперименталтәи медицина альманах». Азеиԥш еизараҿы иара убас иқәгылеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа, ААР апрезидент ихаҭыԥуаҩ Константин Кациа, АНА алахәыла-акорреспондент Виачеслав Чрыгба, АНА иатәу Ақыҭанхамҩатә институт адиректор Лиосик Аиба, ажурнал «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа адырраҭара» аҭыжьҩы-редактор Елена Џьакәаниаԥҳа. Азеиԥш еизара аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырган ажурнал «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа адырраҭара» х-номерк. Ари атәылаҿы уаҳа зеиԥш ыҟам периодикатә ҭҵаарадырратә журналуп. Иара ҭыҵуеит ҩ-сериакны: агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рсериеи аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рсериеи ҳәа. 2025 шықәсазы иазырхиан аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рсериа иазку ҩ-номерк. Ажурнал аҭыжьҩы-редакторЕлена Џьакәаниаԥҳа лажәақәа рыла, аҵарауаа азҿлымҳара аадырԥшит, зхаҭабзиара ҳаракыз астатиақәа рацәаны аредакциахь иаарышьҭит. «Ажурнал аредактор хада Зураб Џьапуа раԥхьа днаргыланы, ирыӡбеит иҭҳажьырц аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рсериа аномерқәа ҩба. 2025 шықәсазы иԥсахуп ажурнал ацәа адизаин. Уи сколлега Саида Ҳаџьымԥҳаи сареи аус адаҳулеит. Иҿыцу аформат ала иҭыҵыз агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рсериа аномер ҿыц ацәаҿы исахьа ануп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба», – лҳәеит Елена Џьакәаниаԥҳа. Лара еизаз ирылалҳәеит, ажурнал «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа адырраҭара» Урыстәылатәи аҭҵаарадырратә цитатақәа риндекс (РИНЦ) алагалареи аҭҵаарадырратә електронтә библиотека eLIBRARY.RU аҭагалареи рзы аусура шымҩаԥысуа. Уи ала Аԥснытәи аҵарауаа русумҭақәа дарбанызаалак атәыла анҭыҵгьы адунеизегьтәи акаҭаҿы даԥхьоит.




