Амшхәаԥштә ахь ииасаанӡа, ААР Апрезидиум алахәылацәа иаалырҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз академик, аҳәынҭқарратә усзуҩ, апоет, аиҭагаҩ, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу Владимир Занҭариа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.
Аилатәараҿы ААР Апрезидиум алахәылацәа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭала ихьчаз акандидаттә диссертациақәа шьақәдырӷәӷәеит. 2025-тәи ашықәс азы акандидаттә диссертациақәа рыхьчеит хҩык аҭыԥҳацәа: Асҭанда Аҳәԥҳа (адиссертациа атема: «Аԥсны ақыҭақәа рҿы аԥсуа бызшәа ахархәашьа асоциологиатә ҭҵаара»), Риҵа Сақаниаԥҳа («Аԥсуа бызшәаҿы ахьыӡҟа аформақәа раарԥшра»), Лиубов Цәеиԥҳа («Ақалақь аҿы аԥсуа бызшәа ахархәашьа асоциологиатә ҭҵаара»). Аҵарауаа ҿарацәа хара имгакәа Академиахь ааԥхьара рыҭахоит, аршаҳаҭгақәа рыҭара ацеремониахь. Аилатәараҿы иазгәаҭан, адиссертациақәа ртемақәа актуалра шрымоу, урҭ хазы монографиак аҳасабала акьыԥхьра ишаԥсоу.
Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр, 2025-тәи ашықәс инаркны Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз аусԥҟа ала, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иалагалаз, уажәшьҭарнахыс Астратегиатә ҭҵаарақәеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзы аинститут ҳәа ахьӡхоит. Абри аҩыза аӡбамҭа рыдыркылеит ААР Апрезидиум алахәылацәа. Иара убас Аинститут ҿыц Аԥҟаԥҵәагьы рыдыркылеит.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик ҿыццәеи алахәыла-корреспондентцәеи ралхразы аексперттә комиссиа аԥҵара азҵаара иалацәажәеит. ААР Апрезидиум алахәылацәа «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахьтәы медал» анашьаразы Аԥҟара аиҭакрақәа аларгалеит: есышықәса аконкурстә шьаҭала ҩ-медалк ранашьара алшахоит, аха еиуеиԥшым аҭҵаарадырратә хырхарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аилатәараҿы «Адырра» ҳәа акьыԥхьратә сериа аԥҵара алшара иалацәажәан. Ари аҭыжьымҭаҿы ианылар алшоит аҵарауаа русумҭа ҿыцқәа (шәагаала астатиа еиҳау, аха ашәҟәы аасҭа еиҵоу), иара убас иркьыԥхьхьоу еиуеиԥшым аҭҵаарақәа.
ААР Апрезидиум аӡбарала, раԥхьатәи апрофессионалтә фольклорист, алитератураҭҵааҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден II аҩаӡара занашьоу, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиеи Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиеи рлауреат Шоҭа Салаҟаиа иҭҵаарадырратә ҭынха анаӡаӡатәразы иаԥҵоуп аусуратә гәыԥ – асистематизациа рзухоит аҵарауаҩ инапылаҩырақәа, икьыԥхьым иматериалқәа ҭырҵаауеит. Аилатәараҿы иазгәаҭан, иналукааша Аԥсны аҵарауаа рҭынха аиқәырхаразы ас еиԥш аҽазышәарақәа раԥхьаӡа акәны ишымҩаԥысуа.



