Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа март мза 18 инаркны 21 рҟынӡа Владимир ақалақь аҿы имҩаԥысуаз VI Афольклорҭҵааҩцәа Урыстәылазегьтәи рконгресс ихы алаирхәит.
Аҭҵаарадырратә форум еиднакылеит иԥхьагылоу аҵарауаа, афольклорҭҵааҩцәа, имаҭәашьартәым акультуратә ҭынха аганахьала аус зуа апрактикцәа. Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи 15 рҟынтәи 200-ҩык инареиҳаны рхы аладырхәит.
Аԥсны ахьӡала аҭҵаарадырратә форум далахәын Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, ареспубликаҿы иналукааша афольклорҭҵааҩ Зураб Џьапуа. Апленартә еилатәараҿы аҵарауаа афольклорҭҵаареи, антропологиеи, аетнографиеи ирызку ахырхарҭақәа рыла ажәахәқәа ҟарҵеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Зураб Џьапуа иажәахә «Кавказтәи афольклорҭҵаара: алҵшәақәеи аҿиаратә тенденциа хадақәеи». Уи иажәахә кьыԥхьхоит VI Афольклорҭҵааҩцәа Урыстәылазегьтәи рконгресс аҟынтәи иалкаау ажәахәқәа реизгаҿы.
Афольклорҭҵааҩцәа Урыстәылазегьтәи рконгресс 2006-тәи ашықәс инаркны ԥшьышықәса рахь знык имҩаԥысуеит. Урыстәылазегьтәи афольклорҭҵааҩцәа рконгресс аиԥыларақәа, иаарту аиҿцәажәарақәа, аҭҵаарақәеи апрактикатә усурақәеи реихшьаалақәа рымҩаԥгареи, иматериалтәым аетнокультуратә ҭынха аспециалистцәа рыбжьара аԥышәа аимдареи рзы акрызҵазкуа ҭыԥуп. Аҭҵаарадырратә форум аҿы еиҿкаан аинтерес зҵоу аусмҩаԥгатәқәа: аетнографиатә-документалтә фильмқәеи, ашәҟәқәеи, амонографиақәеи рпрезентациақәа.




