“35 шықәса зхыҵуа рҟынӡа иқәыԥшу анаука амаҵ азызуа ауаа ахаҵгылара рзутәуп. Хара имгаӡакәа шәаргьы ажәалагалақәа ҟашәҵа агранттә система алагаларазы, анаука иазҟазоу аҿар рус арманшәаларазы”, — иҳәеит Аԥсны ахада. Иара убас, Бадра Гәынба дазыразхеит Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа иазыԥҵәоу аԥаратә ҳамҭа 100 нызқь рҟынтәи 200 нызқь рышҟа ииагазарц. “Ҳара ҳнаука ашҟа ҳхьамԥшыр, даара ихьанҭахоит иара ҳҳәынҭқаррагьы ашьақәыргылара, аизырҳара. Ҳнаука гәыгәҭажьны иаанымхаразы иҳамоу алшарақәа ҳхы иархәаны аҳәынҭқарра иаҭаху аусқәа рҟны анаука иааннакыло аҭыԥ еилаҳкаап, аизхәыцра азуны, аимадара бзиа ҳабжьаҳҵап”, — ҳәа инаҵшьны иҳәеит Бадра Гәынба.


