АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

ХӘЫХӘЫҬ БӶАЖӘБА ДИИЖЬҬЕИ 110-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКЫЗ АНАУКАТӘ КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤЫСИТ АԤСНЫТӘИ АГУМАНИТАРТӘ ҬҴААРАҚӘА РИНСТИТУТ АҾЫ

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы 68-тәи анаукатә сессиа аатит. Сынтәа уи афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Хәыхәыҭ Бӷажәба диижьҭеи 110-шықәса аҵра иазкын.

Анаукатә сессиа мҩаԥыслоит мшаԥымза 23–26 рзы.

Аконференциа иалахәыз минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит ааигәа зыԥсҭазаара иалҵыз аҵарауаа – Шьоҭа Арсҭаа, Руслан Барцыц, Сариа Амҷба, Роман Ҷанба, Иван Шамба.

Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәба Аинститут аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аусура атәы инарҭбааны далацәажәеит.

Арда Ашәба иажәақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра иазкны хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

Арда Ашәба, иахьа зыԥсҭазаара зегьы аԥсуа наука иадызҳәалаз ауаҩы ииубилеи азгәарҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара иаҳдыруеит, Хәыхәыҭ Соломон-иԥа Бӷажәба анаука дшазыҟаз атәы. Уи иоуп раԥхьаӡа аԥсуа критика иазкны анаукатә усумҭа зҩыз, иара иоуп зегьы раԥхьаӡа аԥсуа фольклор аҭҵаара иалагаз. Иара еизганы икьыԥхьыз 150 афольклортә материалқәа аурыс аԥхьаҩ аԥсуаа доуҳала иахьынӡабеиоу дырбара азы аурыс бызшәахьы еиҭеигеит. Иара убас иара аԥсуа ҩыра аҭоурых ҭиҵаауан. Хәыхәыҭ Соломон-иԥа Лев Толстои, Максим Горки реиԥш иҟаз аурыс классикцәа рырҿиамҭақәа еиҭеигон», – ҳәа еиҭеиҳәеит Арда Ашәба.

Хәыхәыҭ Бӷажәба иԥа, археолог, аҭоурыхҭҵааҩы, аҭоурыхтә ҭҵаарақәа рдоктор Олег Бӷажәба аихшьаалатә наукатә конференциа ихы изаламырхәӡеит, аха иара авидеоааԥхьара ааишьҭит.

Олег Бӷажәба иаб дшигәалашәо атәы еиҭеиҳәеит: «Саб ахаангьы ибжьы рдуны дысмацәажәаӡацызт, инапгьы сара сахь ишьҭиимхӡацызт. Сара уи ҳаҭыр-пату иқәысҵон, изаку сыздырам, аха маҷкгьы сицәшәон. Сааӡара иара митәык далахәӡамызт, сзааӡоз аиҳарак сан лганахаьала санду лакәын. Зны-зынла саб аинститут ахь сигалон. 14–15 шықәса анысхыҵуаз, иара иӡбеит сара сархеологны сҟалароуп ҳәа. Убри аамҭазы дцәырҵит Михаил Ҭраԥшь, сара уи Қарҭтәи аспирантура дҭалаанӡа аҽыруаҩ имаҭәа ишәҵаны дызбеит, убасгьы сгәалашәараҿы даанхеит. Саб сара ирацәаны археологиа азы ашәҟәқәа сзааихәон, нас Аҟәатәи абааш ахь археологиатә ԥшаарақәа рахь сигалон. Уи даара деигәырӷьон иареи сареи ҳахьеибадырыз, археологиатә жрақәа ахьеицымҩаԥаагоз».

А. А. Тахо-Годи ихьӡ зху Даӷьсҭантәи апедагогиакатә анаука-ҭҵааратә Институт аурыс бызшәеи алитературеи рсектор анаукатә усзуҩ еиҳабы Мииасаҭ Муслимова еизаз зегьы аконференциа аартреи академик Хәыхәыҭ Бӷажәба игәалашәара иазку аусмҩаԥгатә амҩаԥгареи рыдылныҳәалеит.

«Иналукааша аҵарауаҩ иӡбахә анаҳҳәо, ҳара уи иеихьӡарақәа рыдагьы, иара иуаҩреи иаамсҭашәареи ртәы ҳгәалаҳаршәоит. Избан акәзар, ус еиԥш иҟоу ауаа иҳараку апараметрқәа аадырԥшуеит амилаҭтә ҩаӡарақәа алыркаауеит», – ҳәа илҳәеит Мииасаҭ Муслимова.

Лара Геннади Аламиеи Владимир Занҭариеи Кавказ ашәҟәыҩҩцәа Рыклуб ала иаԥҵоу Салих Гуртуев ихьӡ зху амедал раналшьеит.

Апленартә еилатәара аҿы Хәыхәыҭ Бӷажәба иԥсҭазааратә мҩеи инаукатә ҭынхеи» атема ала ажәахә ҟаҵо дықәгылеит афилологиатә наукақәа рдоктор, ААУ апрофессор Лили Ҳагба, «Салуман Бӷажәба сибратәи иаамҭахәҭа» атема ала ажәахә ҟаиҵеит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, ААУ апрофессор Станислав Лакоба.

Иаа убас ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит аҵарауаа Ирина Басариа, Инал Гыцба, Мадлена Лакрба.

Источник: © АПСНЫПРЕСС