АЛАҲӘАРА

Аҭҵаарадырразы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиазы Акомиссиа апремиа аиуразы аконкурс шаарту рыланаҳәоит. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ранашьахоит агуманитартәи аԥсабаратәи ҭҵаарадыррақәа рҿы иалкаахаз, ауаажәларратә зхаҵара ҭбаа зауз, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра аҿиараҿы лагала дуны иҟалаз аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы иқәыргылазарц алшоит: хаҭалатәи авторцәа рмонографиатә усумҭақәеи аколлективтә монографиақәеи; анаукатә комментариқәеи иҷыдоу аҭҵаарадырратә аппарати зцу ҿырҳәалатәии ҩыралатәии ахыҵхырҭақәеи академиатә жәарқәеи ифундаменталтәу томрацәалатәи рҭыжьымҭақәа; иреиҳау аҵараиурҭақәа рзы иоригиналтәу, авторцәа рхаҭақәа ртеориатәи рексперименталтәи ҭҵаарақәа шьаҭас измоу, арҵага шәҟәқәа. Аҳәынҭқарратә премиазы иқәыргылазар ҟалоит аҵыхәтәантәи хышқәса рыла (2023–2025 шш.) акьыԥхь збахьоу аусумҭақәа. Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аусумҭақәа рықәыргылара азин рымоуп аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усбарҭақәеи аиҳабыратә ҵараиурҭақәеи рколлективқәа. Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа аусумҭақәа аднакылоит 2026 шықәса, жәабранмза (февраль) 1 инаркны рашәарамза (ииун) 1-нӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақ., акад. Н.И. Марр имҩа, 9, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа. Аконкурс алахәхаразы иаҭаху адокументқәа:
  • аҳәынҭқарратә премиа ашьҭазааҩ инысымҩа;
  • аусурҭа аҟнытә иҟазшьарба;
  • акьыԥхь збахьоу иусумҭақәа рсиа;
  • атәылауаҩшәҟәы ахкьыԥхьлаа;
  • дықәзыргыло аусбарҭа ахеилак аилатәараҿы ирыдыркылаз аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иқәыргылахо аусумҭа (хә-екземплиарк);
  • аусумҭа ықәзыргыло аусбарҭа аҟынтә амҩақәҵаратә шәҟәы.
Ишәызцәырҵуа азҵаарақәа зегьы реилкаара шәылшоит абарҭ аҭелқәа рыла: +7(940)728-03-44; +7(840)226-77-13. Аҭҵаарадырразы Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа анашьаразы Акомиссиа

Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа иазыԥҵәоу аԥаратә ҳамҭа 100 нызқь рҟынтәи 200 нызқь рышҟа ииагазарц Аԥсны ахада Бадра Гәынба иахь аҳәара ҟарҵеит акомиссиа алахәылацәа.

Абри азы ажәалагала Аԥсны ахада иҿаԥхьа иҟаиҵеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, акомиссиа ахантәаҩы Зураб Џьапуа. “Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩс шәаныҟаз ажәалагала иҟаз шәадгылан, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиагьы, 100 нызқь ыҟан, 200 нызқь ашҟа аиагара шәақәшаҳаҭхан, иахьа уи аус ӡбоуп. Арҭ апремиақәа еиваҟәылоит, убри аҟынтәи убри ашьҭыхра даара иаҭахны иаҳԥхьаӡоит”, — ҳәа иҳәеит Џьапуа Аԥсны ахада Бадра Гәынба данидикылоз. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа ихьӡ зху аҭҵаарадырра аусхк аҟны аихьӡарақәа рзы Аҳәынҭқарратә премиа аԥҵан 2004 шықәсазы. Уи ранаршьоит хышықәса рахьтә знык.

Авидео: Аԥсны ахада ипресс-маҵзура

https://t.me/sputnik_apsny_info/10223