АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АҚЫҬАНХАМҨА АИНСТИТУТ АҾЫ ИРААӠОИТ ХКЫ РАЦӘАЛА АШӘЫРҴЛАҚӘА

Адгьыл ақәаарыхра, ашәырхкқәа реихаҳара, урҭ реилыхра уҳәа анахацәа ааҧын азы рнапы зларкша аусқәа рацәоуп. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақыҭанхамҩа аинститут аҿы акәзар, ӡынгьы-ҧхынгьы аусура еилашуеит. Араҟа ирааӡоит хкы рацәала ашәырҵлақәа, наукала иазнеины иҭҵааны ауп рус шымҩаҧырго. Аҧсныҟа иҭаргало ашәырхкқәа, адгьыли аҳауеи иахьынӡарнаало еилкааны аус рыдырулоит. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиа- ҧҳа.

Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра