АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АИХ ҳара иҳазкны

АСЛАН БЖЬАНИА ААР АХАДА ЗУРАБ ЏЬАПУА ДИДИКЫЛЕИТ

  • 16.07.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Зураб Џьапуа идиныҳәалеит аа-томкны иҟоу Нарҭтәи аепос аҭыҵра.   «Аҭҵаарадырратә усура аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы абызшәа, афольклор, Аԥсны аҭоурых реиқәырхараҟны […]

ХӘЫХӘЫҬ БӶАЖӘБА ДИИЖЬҬЕИ 110-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКЫЗ АНАУКАТӘ КОНФЕРЕНЦИА МҨАԤЫСИТ АԤСНЫТӘИ АГУМАНИТАРТӘ ҬҴААРАҚӘА РИНСТИТУТ АҾЫ

  • 29.04.2024

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы 68-тәи анаукатә сессиа аатит. […]

АСЛАН БЖЬАНИА АКАДЕМИК ШЬОҬА АРСҬАА ИԤСҬАЗААРА ДАХЬАЛҴЫЗ ИНАМАДАНЫ АДЫШШЫЛАРА ҞАИҴЕИТ

  • 27.03.2024

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа академик Шьоҭа Арсҭаа иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит. «Апрофессор, академик, […]

АКАДЕМИК ШЬОҬА АРСҬАА ИԤСЫЖРА АИҾКААРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ КОМИССИА АԤҴОУП

  • 27.03.2024

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа ҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа актәи […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АИХШЬААЛАТӘ ЗЕИԤШ ЕИЗАРА МҨАԤНАГЕИТ

  • 14.03.2024

Уаҟа академиа иҳаҩсыз ашықәсазтәи аҭҵаарадырратәи аиҿкааратәи усурақәа рҳасабырба ҟаҵан. Ҩнызқьи ҩажәи ҩба шықәсазы Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҩажәи хәба шықәса ахыҵра […]

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АҚЫҬАНХАМҨА АИНСТИТУТ АҾЫ ИРААӠОИТ ХКЫ РАЦӘАЛА АШӘЫРҴЛАҚӘА

  • 09.03.2024

Адгьыл ақәаарыхра, ашәырхкқәа реихаҳара, урҭ реилыхра уҳәа анахацәа ааҧын азы рнапы зларкша аусқәа рацәоуп. Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ақыҭанхамҩа аинститут аҿы […]

ЏЬАПУА АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ИАҴАНАКУА АХЫБРАҚӘА РҬАГЫЛАЗААШЬА ИАЗКНЫ

  • 21.01.2024

31.01.2024Ажьырныҳәа 21 рзы Амилаҭтә сахьаҭыхымҭақәа ргалереиа афонд абылра ашьҭахь Аԥсны аҭоурых, акультура иаҿахәҳәагоу егьырҭ ахыбрақәа рҭагылазаашьа аилкааразы арадио Sputnik Аԥсны […]