АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АКАДЕМИК ШЬОҬА АРСҬАА ИԤСЫЖРА АИҾКААРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ КОМИССИА АԤҴОУП

Аҟәа. Хәажәкырамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа ҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа академик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа актәи апрезидент, анаука ахырхарҭала Г.А.Ӡиаӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара акавалер Шьоҭа Касҭеи-иԥа Арсҭаа иԥсҭазаара алҵра инамаданы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа ихантәаҩрала аԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә Комиссиа аԥҵоуп.

Хәажәкырамза 28, асааҭ 13:00 рзы Аҟәа ақалақь, арҵаҩы Иҩны аҿы алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥгахоит. Аԥсы анышә дамардоит хәажәкырамза  29 рзы Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан.

Источник: © АПСНЫПРЕСС