АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДЕНТ ЗУРАБ ЏЬАПУА АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ИМШИРА ИДИНЫҲӘАЛЕИТ

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иҧа, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиуми, ҳтәыла аҭҵаарадырратә хәышҭаарақәеи, хаҭала сареи ҳахьӡала адныҳәаларақәа шәыдышәкыл.

Агәрагара ҳамоуп, шәара, ҭакҧхықәра ҳаракыла шәус азнеишьеи, ишәымоу адыррақәеи, ҳтәыла астратегиатә ҿиареи, лассы-лассы шәҿаҧхьа иқәгыло имариам азҵаарақәа рыӡбареи, Аҧсны аизҳазыҕьареи ишырзышәкуа.

Шәықәра ҿыц шәыдныҳәало, ишәзеиҕьаҳшьоит аҧсуа иқәранҵыра рацәа, аманшәалареи ачҳареи шәнапы иану, шәыжәлари шәыҧсадгьыли рымаҵ аураҿы.