АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИАҾЫ ИМҨАԤЫСИТ ААР АПРЕЗИДИУМ АЛАХӘЫЛАЦӘА РЕИЛАТӘАРА

Амшхәаԥштә аҿы иқәгылан азҵаара хадақәа хԥеи, еиуеиԥшым ахь иаҵанакуаз даҽа зҵаараки.

Апрезидиум иалахәу амш азҵаара ахәаԥшрахьы ииасаанӡа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы зыдунеи зыԥсахыз аҵарауаа. Анаҩс ииасын актәи азҵаарахьы. Уи азкын аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҵараҩаӡара аиуразы изныктәу адиссертациатә хеилакқәа рышьақәырӷәӷәара. Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа амаӡаныҟәгаҩ, академик Валентин Кәаӷәаниа аилатәара иалахәыз идирдырит изныктәу ахеилакқәа ирылахәхо аҵарауаа рсиа. Убри аан, академиа ахада ихаҭыԥуаҩ, академик Сергеи Бебиа иазгәаиҭеит асиа иану аҵарауаа зыхьыӡ нагоу ракәны ишыҟоу, убри аҟынтә гәыҩбарада азҵаара абжьаҭаразы ақәыргылара шауа. Аҵарауаа ус иагьыҟарҵеит. Еицҿакны ари азҵаара рыдыркылеит. Анаҩстәи азҵаара азкын «Аексперименталтә паталогиеи атерапиеи ринститути», «Аботаникатә институти», адиректорцәа ралхразы абжьыҭара иалахәхараны иҟоу аҭҵаарадырратә усзуҩцәа рсиа ашьақәыргылара. Иара убасгьы иазгәаҭан ААР иаҵанакуа аинститутқәа рнапхгарахь анеиразы зкандидатурақәа ықәзыргыло аҵарауаа, хымыз шыбжьоу алаҳәара ҟарҵар шахәҭоу. Ари азҵаара апрезидиум алахәылацәа алацәажәеит, анаҩс ирыдыркылеит. Иара убасгьы ишьақәырӷәӷәан ааигәа ААР аҟны атехникатә ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭа ала ихьчаз адоктортә диссертациазы изныктәу аексперттә комиссиа аԥҵара азҵаарагьы.

Аԥшьбатәи аҵыхәтәантәи азҵаара азкын аинститутқәа рыбланкқәа ирну аҩыра маҷк аиҭакра азура. Иаҳҳәап, ақыҭанхамҩатә институт ацымхәра ақыҭанхамҩа ҳәа аҟаҵара. Академик Валентин Кәаӷәаниа иҳәеит асеиԥш иҟоу ажәақәа рҿы анбан ТӘ шацыршәо. Апрезидиум алахәылацәа ари азҵаарагьы еицҿакны рыбжьы арҭеит.