АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

АԤСУА ҬҴААРАДЫРРЕИ АКУЛЬТУРЕИ РҾЫ ЗДАҞАМЛАЦ АХҬЫС ҞАЛЕИТ. АҬЫЖЬЫРҬА ACADEMIA АҞНЫ АКЬЫԤХЬ АБЕИТ АА-ТОМК ЗҴАЗКУА АԤСУАА РНАРҬТӘ ЕПОС

Аԥсуа ҭҵаарадырреи акультуреи рҿы здаҟамлац ахҭыс ҟалеит. Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыԥхь абеит аа-томк зҵазкуа аԥсуаа рнарҭтә епос.

Аредактор-аиқәыршәаҩ – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа. Аиқәыршәаҩ ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раахыс арҭ аепикатә текстқәа реизакреи реихшареи далагахьан. Аматериалқәа аҭыжьра разырхиаразы аусура хықәкыла ихацыркхеит 2005 шықәсазы. Ари аус рнапы шалакыз иалакын усҟан Зураб Џьапуа иаспирантцәаз, иахьа аԥсуа ҵарауаа қәыԥшцәа Наала Барцыци Саида Ҳаџьыми.

Ари амилаҭтә проект адунеи абара аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы хҭыс дуӡӡоуп. Атомқәа шьақәыргылоуп иахьатәи атекстологиатә принципқәа рыҩаӡарала. Ашәҟәқәа еидыркылоит иахьанӡа еиқәханы иааз аԥсуаа рҿаԥыцтә культура адоуҳатә баҟа хада – «Нарҭаа» – ирызку аҳәамҭақәеи урҭ рвариантқәеи хаҭәааны. Аизга иацуп аредактор-аиқәыршәаҩ инеиҵыху иҭҵаамҭа, атекстқәа ркомментариқәа, рсемантикатә рбагақәа, ашәақәа рнотақәа уҳәа убас аҳәамҭақәа хазырҭәаауа аҭҵаарадырратә згәаҭарақәа.

Жәа-томкны иҟоу аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа, хымԥада, шьаҭамырӡгахоит аԥсуа жәлари Аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы. Атомқәа лагала духоит кавказдырраҿы, иара убас адунеитә епикатә традициақәа рыҭҵаараҿы.