АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Лашәриа Мушьни Таииа-иԥа

Лашәриаа аишьцәа ԥшьҩык (Алықьса, Илиа, Мушьни, Рауль) назлоу, қыҭак иалиааз апоетцәа идырҿиаз, Владимир Аҵнариа иажәақәа рыла иуҳәозар, Кәтолтәи апоезиатә школа ахаҭарнак Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа диит жьырныҳәа 16, 1938 шықәсазы. 12–13 шықәса анихыҵуаз ажәеинраалақәа рыҩра далагеит.

Иахьа Мушьни Лашәриа ихьӡ адунеи иадыруеит – Аԥсны жәлар дырпоетуп, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа дакадемикуп, ианашьоуп «Аҳаҭыртә дырга» аорден, «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡара, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Александр Пушкин имедаль, Антон Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа, Шота Руставели ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ҭҵаарадырратә усзуҩуп.

Уи аԥхьа – иацы, жәацы, ԥыжәац – апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, аԥсуа поезиа антологиа аиқәыршәаҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт 169