АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Авице-президентцәа

БЕБИА СЕРГЕИ МИХАИЛ-ИԤА

ААР актәи авице-президент, Апрезидиум алахәыла.
Академик, апрофессор.
Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор.

+7 (940) 927-26-67 
e-mail: bebia_sergei@mail.ru

Диит 1940 шықәса цәыббрамза 15 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Аҵарауаҩ, аботаник, абнаҭҵааҩ, аҵиаақәа реиҭарҿиаҩ, абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Асоветеидгылатә биохимиатә еилазаара алахәыла, Еиду Америкатәи аштатқәа Амилаҭтә географиатә еилазаара алахәыла иаша, Москватәи аԥсабарагәаҭаҩцәа реилазаара алахәыла, 1995 шықәса раахыс аҭҵаарадырреи акультуреи рзы Венгриа иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак, 1999 шықәса раахыс Авенгр-аԥсуа еиҩызара ассоциациа ҳаҭыр зқәу алахәыла.

Аҵара иҵон Новочеркассктәи аинжинер-мелиоративтә институт абнанхамҩа афакультет аҿы (1959–1964). 1965–1980 шықәсқәа рзы Очамчыра ақалақь аҿы иҟаз Аԥсуа бнаԥышәаратә станциаҿы аус иуан. Атехникатә бригадир инаиркны аҭҵаарадырраз адиректор ихаҭыԥуаҩ иҟынӡа амҩа данысит. Аԥсны аԥсагәтә бнақәа, иара убасгьы ашәҵлақәеи аџьҵлақәеи реиқәырхаразы аусмҩаԥгатәқәа дрылахәын. 1973 шықәсазы «Аԥсны аԥсагәтә бнақәеи урҭ аус рыдулашьеи» ирызкны ииҩыз акандидаттә диссертациа ихьчеит. Иҭиҵаауан Евразиа ашьхабнақәа рышақәгылашьеи, рҭагылазаашьеи рыҿиашьеи. Инахароу Мрагылара, Урыстәыла европатәи аидгыла, Литва, Германиа, Австриа, Венгриа, Словакиа, Польша, Карпаты, Урал, Тиан-Шан, Алтаи, Сахалин адгьылбжьахақәа, Кунашыр, Шикотан уҳәа рыбнақәа рҿы аекспедициатә ԥшаарақәа мҩаԥигахьеит. 1980 шықәса инаркны Аҟәатәи аботаникатә баҳча аҵиаақәа реиҭарҿиара аҟәша напхгара аиҭоит. С.М. Бебиа ибзоурала Абаҳча аколлекциа акырӡа иҭбаахеит. Еиҳаракгьы «Жәларбжьаратәи адендрологиатә атлас» иаҵанакуа имҩаԥгаз аекспедициақәа ирылҵшәаны (Таиван – 1996 ш., Хоккаидо – 1997 ш.).

С.М. Бебиа – 110 ҭҵаарадырратә усумҭа инапы иҵиххьеит, амонографиақәагьы убрахь иналаҵаны. «Аԥсны аԥсагәтә бнақәа» захьӡу иусумҭазы ианашьан Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа (2007).

С.М. Бебиа далахәын «Аԥсны абнатә кодекс» ашьақәыргылара. ААР Аботаника аинститут ашьаҭала ААУ еиҿикааит абнатә нхамҩа акафедра. 2001 шықәса инаркны иара напхгара аиҭон.

Академик, апрофессор Г.Гь. Аиба иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь С.М. Бебиа Аҟәатәи Аботаникатә баҳча аколлектив напхгара аиҭон (2002–2009).

2008 шықәсазы ААР алахәыла-корреспондентс далхын, ААР амедико-биологиатә, ақыҭанхамҩатә ҭҵаарадыррақәа рхырхарҭа академик-маӡаныҟәгаҩс. 2014 шықәсазы ААР академик ҳәа ахьӡ ихҵан. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) С.М. Бебиа агәыҳалалратә цхыраара аҳасабала афатәи ахәшәқәеи Аԥсныҟа раагара аиҿкаара илиршеит. Иара убасгьы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь аҳақьымцәа раагара дацхрааит. Иџьабаазы, аҭҵаарадырра арҿиаразы С.М. Бебиа Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьоуп (2010).



ЕКБА ИАНВАРБИ АЛИ-ИԤА

ААР авице-президент, ААР Апрезидиум алахәыла.
Академик, апрофессор.
Афизико-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор.

+ 7 (940) 921-71-90
e-mail: ekba-yan@yandex.ru

Диит 1943 шықәса жьырныҳәа аказы Ҟарачы-Черкессктәи Автономиа иахьаҵанакуа.

Агеофизикеи аҳаир афизикеи рхырхарҭа дазҟазоуп. 1966 шықәсазы Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иҵара хиркәшоит «агеофизика» ахырхарҭала. 1973 шықәсазы – аспирантура далгоит. «Аеродинамикатә трубаҿы аҵаатә фаза аишьеи азҳашьеи рмодельҟаҵара» захьӡыз атемала ихьчеит акандидаттә диссертациа («аҳаир афизика» ахырхарҭала). 1971–1987 шықәсқәа рзы аус иуан Ашьхаҳаракыратә геофизикатә институт аҭҵаарадырратә усзуҩс, алабораториа напхгаҩыс (ақ. Нальчик). 1987–1998 шықәсқәа рзы аус иуан Ставрапольтәи аҭҵаарадырра-усеиҿкааратә геофизикатә центр адиректорс.

1996 шықәсазы «Нхыҵ Кавказ аҳауатә алшәшәақәа ррежими урҭ хылаԥшра рыҭареи» атемала ихьчеит адоктортә диссертациа.

1996–1998 шықәсқәа рзы – Ставрапольтәи аҳәынҭқарратә университет дапрофессорын, «Агеофизика» акафедра напхгара аиҭон.

1999 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет дапрофессорхоит, ахархәаратә екологиа акафедра данапхгаҩхоит.

1999 шықәсазы Аекологиеи ауаҩи аԥсабареи ршәарҭадара Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа лахәыла иашас далхуп.

2008 шықәсазы Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа лахәыла-корреспондентс далхын, 2014 шықәсазы – ААР академикс.

Екба И.А. инапхгарала ихьчоуп доктортә диссертациаки ф-кандидаттә диссертациаки.

Иҭҵаамҭа хадақәа рызкуп аҳаир афизикеи агидросфереи, амш аҽыԥсахшьеи агеоекологиеи.

70-тәи ашықәсқәа рзы иара инапхгарала еиқәыршәан аԥсҭҳәақәа рҿы аҵаатә фаза аишьеи азҳашьеи рыҭҵаара иазкыз аҭҵаамҭақәа рымҩаԥгара алзыршаз аԥышәаратә геофизикатә шьақәгылақәа. Усҟан ироуз алҵшәақәа ахархәара рымоуп амш зеиԥшрахо агәаҭареи арадартә метеорологиеи рҿы. 80-90-тәи ашықәсқәа рзы иара инапхгарала имҩаԥган амш аҽыԥсахшьа анырра аҭаразы аҭҵаарадырра-усеиҿкааратә усқәа рацәаны. Теориалеи практикалеи иҵаҵӷәыдаркын ацәаакыра ахьмаҷу аҭыԥқәа рҿы еиҳа лассы-ласс ақәа леилартә еиԥш усс имҩаԥгатәу. Иара убас иалыршан ажәлар рзы крызҵазкуаз анхамҩатә ҭыԥқәа аԥсабара рацәыхьчара.

Екба И.А. иҭҵаарадырратә усура аҳәаақәа ирыҵаркуеит иара убас аметеорологиатә факторқәа рекологиатә ҵаки антропогентә екологиеи.

Аҵарауаҩ инапы иҵижьхьеит агеофизика ахырхарҭаҿы 20 ҿыцаԥҵамҭеи апотентқәеи.

Аҭҵаарадырраҿи уи аԥсҭазаара аларҵәара рҿи иааирԥшхьоу аихьӡарақәа рзы 1992 шықәсазы Урыстәыла «Аԥсадгьыл аҿаԥхьа зҽаԥсазтәыз» иорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьан, 2008 шықәсазы Гь.А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа лауреатс далхын. Екба И.А. авторс дрымоуп 150 инареиҳаны аҭҵаарадырратә усумҭақәа.