АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

Азеиԥш еизара

ААР азеиԥш еизара
6.1. ААР аколлегиатә напхгараҭара иреиҳаӡоу аусбарҭа акәны иҟоуп ААР азеиԥш еизара.
6.2. ААР азеиԥш еизара иалахәылацәоуп: ААР апрезидент,
ААР апрезидиум алахәылацәа, ААР алахәыла иашақәа (академикцәа), ААР алахәыла-корреспондентцәа, иара убас хаҭарнакцәас иалху, ААР иаҵанакуа аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи урҭ
аҭҵаарадырразы рхаҭыԥуааи.
80
Аинформациатә биуллетен // Информационный бюллетень
ААР азеиԥш еизара азинмч амоуп, аӡбамҭа рыдыркылеит
ҳәа иԥхьаӡахоит, уи аусура иалахәызар ААР алахәылацәа сиала рхыԥхьаӡарахьтә хыџьара ишаны ҩ-хәҭак (2/3) еиҵамкәа.
Аӡбамҭа рыдыркылоит маӡала, ма иаарту бжьыҭирала ААР
азеиԥш еизараҿы иҟоу рыбжьқәа реиҳарала. Хаҭалатәи азҵаарақәа (ААР апрезидент, ААР апрезидент ихаҭыԥуаа, ААР
алахәылацәа ралхрақәа уб. иҵ.) рыӡбоит ААР алахәылацәа
азеиԥш еизараҿы маӡалатәи бжьыҭирала.
6.3. ААР алахәылацәеи ААР азеиԥш еизарахь инарышьҭуа
аҭҵаарадырратә усзуҩцәеи ируалуп ААР азеиԥш еизара аусура
рхы алархәра.
Ҳаҭыр зқәуи аҳәаанырцәтәии ААР алахәылацәа ААР
азеиԥш еизара аусура рхы аладырхәуеит аилацәажәаратә бжьы
азин рыманы.
ААР иалам азеиԥш еизара алахәылацәа ААР азеиԥш еизара
аусура рхы аладырхәуеит аӡбаратә бжьы азин рыманы (ААР
алахәыла иашацәеи алахәыла-корреспондентцәеи ралхра
аламҵакәа).
6.4. ААР азеиԥш еизара:
– ААР апрезидиум ажәалагалала иаднакылоит ААР
Аԥҟаԥҵәа, иара убас Аԥҟаԥҵәа иаларгало аиҭакрақәа;
– ишьақәнарӷәӷәоит ААР ахь алхрақәа рзы аԥҟара, иара
убас уи иаларгало аиҭакрақәа;
– далнахуеит ААР апрезидент ААР апрезидентс иалху
ишьақәырӷәӷәаразы Аԥсны Ахада ишҟа днанашьҭуеит;
– иалнахуеит ААР апрезидент ихаҭыԥуаҩ, ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, ААР апрезидиум алахәылацәа;
– иалнахуеит ААР алахәылацәа, ААР Аԥҟаԥҵәеи иара
иаҵанакуа аиҿкаарақәа рыԥҟаԥҵәақәеи рыла акомиссиақәа рхантәаҩцәа;
– иалнахуеит ААР аҟәшақәа ракадемик-маӡаныҟәгаҩцәа
хәышықәса ҿҳәарас ирыҭаны;
– ишьақәнарӷәӷәоит ААР апрезидиум иалнахыз ААР
иаҵанакуа аиҿкаарақәа рдиректорцәа;
– ишьақәнарӷәӷәоит ААР аҭҵаарадырратә усурақәа рхырхарҭа хадақәа;
81

  1. Руководящие документы
    – ишьақәнарӷәӷәоит ииасыз ашықәс азы аҭҵаарадырратә
    еихьӡарақәа, аҭҵаарадырра-еиҿкааратә усуразы ААР
    апрезидиум аҳасабырбатә ажәахә;
    – ирзыӡырҩуеит, ирыхцәажәоит ААР аҭҵаарадырратә
    еиҿкаарақәа раҳасабырбақәа, иара убас хазы игоу аҵарауаа ражәахәқәа;
    – ишьақәнарӷәӷәоит аспирантуреи адокторантуреи рзы
    аԥҟарақәа;
    – иҳәаақәнаҵоит иааиуа афинанстә шықәсазы ААР
    биуџьеттә ԥарала аплан аиқәыршәареи аԥыжәаратә
    хырхарҭақәеи;
    – ирылацәажәоит аҭҵаарадырратә, аҭҵаарадырра-еиҿкааратә зҵаатәқәа.
    6.5. ААР азеиԥш еизара ааԥхьахалароуп иаҭаххацыԥхьаӡа, амала шықәсык ахь знык еиҵамкәа. ААР апрезидиум азеиԥш еизара
    анымҩаԥырго аҿҳәара рыланаҳәоит уи ааԥхьараҟынӡа жәохәымш
    шыбжьоу. Иаҭахханы иҟалозар, ААР азин амоуп, мчыбжьык иалыршаны ААР азеиԥш еизара ааԥхьара. ААР апрезидент иажәалагалала, ААР азеиԥш еизара азин амоуп асиа иарбоу алахәылацәа рыбжьқәа хыџьара ишаны ҩ-хәҭак (2/3) еиҵамкәа иҟазар,
    маӡалатәи бжьыҭирала иалшоит ААР апрезидиуми, мамзаргьы
    хазы игоу уи алахәылацәеи русура аҿҳәараҟынӡа аанкыларазы
    ақәҵара адкылара, иаанхаз аҿҳәаразы алхра ҿыцқәа рымҩаԥгара.
    ААР азеиԥш еизара маӡалатәи бжьыҭирала, ААР асиа
    иарбоу алахәылацәа рыбжьқәа хыџьара ишаны ҩ-хәҭак (2/3)
    еиҵамкәа иҟазар, иалшоит ААР апрезидент, уи ихаҭыԥуаҩ,
    ААР академик-маӡаныҟәгаҩ, ААР аҟәшақәа ракадемик-маӡаныҟәгаҩцәа, ААР анапаҵаҟа иҟоу рдиректорцәа рзинмчқәа
    аҿҳәараҟынӡа инамгакәа раанкыларазы ақәҵара адкылара, урҭ
    Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара еиларгазар, рыԥҟаԥҵәатә
    уалԥшьақәа нармыгӡазар.
    ААР азеиԥш еизараҿы излацәажәо азҵаарақәа ААР апрезидиум ахь инаргоит ААР азеиԥш еизара алахәылацәа, ААР
    аҭҵаарадырратә еиҿкаарақәа рыҭҵаарадырратә хеилакқәа. ААР
    апрезидиум, иаагоу ажәалагалақәа ҳасаб рзуны, ишьақәнаргылоит ААР азеиԥш еизара аилатәара амш азҵаатәқәа.