АЛАҲӘАРА

2024 шықәса лаҵарамза 30 рзы асааҭ 11 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны еиҿкаахо зныктәи Адиссертациатә хеилак аилатәараҿы имҩаԥысуеит «Ачерқесцәа реибашьратә культура итрадициатәу аинститутқәеи Заатәи Абжьарашәышықәсақәа инадыркны ҩажәатәи ашәышықәса 30-тәи ашықәсқәа рҟынӡа урҭ ирыхҭысыз аҽыԥсахрақәеи» захьӡу атемала (азанааҭ 07.00.07 – аетнографиа, аетнологиа, антропологиа) Асланбек Сулҭан-иԥа Мирзоев аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара ихҵаразы адиссертациа ахьчара. Адиссертациагьы авторефератгьы шьҭоуп Аԥсуаҭҵааратә институт абиблиотекаҿы, иара убасгьы релектронтә версиақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит akademra.org «Аҭҵаарадырратә усура» аҟәшаҿы.

ЗУРАБ ЏЬАПУА АЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘ ЕИБАШЬРА ДУ АҾЫ ИГАЗ АИААИРА 79 ШЫҚӘСА АХЫҴРА РЫДИНЫҲӘАЛЕИТ АВЕТЕРАНЦӘА

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 79 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит аветеранцәа.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых иагәылоуп ҳџьынџьуаа ргәымшәареи рфырхаҵареи ртәы зҳәо адаҟьақәа. Арҭ амшқәа рзы ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аиааира зхы ақәызҵаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа. Урҭ рыбжьара ирацәаҩуп аҭынч ԥсҭазаараҿы рнапы злакыз аҭҵаарадырратә ус аҿы аԥеиԥш ду ззыԥшыз, аха аибашьра адәаҿы зыҧсҭазаарақәа ҿахҵәаз аҵарауаа. Ари аныҳәа наунагӡа аҭоурых ианхалоит адунеи аҿы аҭынчра аиқәырхаразы афашизм иаҿагыланы хыцәнамырха иқәԥоз ажәларқәа иаадырԥшыз афырхаҵара иасимволны.

ААР ахада З. Џьапуа Аҧсны аҭҵаарадырратә еилазааара ахьӡала аветеранцәа аҭынч ҧсҭазаареи агәабзиара ҕәҕәеи рзеиҕьаишьеит.