АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Аҧсуа ҭҵаарадырра иаиуит ацәыӡ ду.

Иҧсҭазаара далҵит раҧхьаӡатәи аҧсуа профессионалтә фольклорҭҵааҩ, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Адыгатәи Жәларбжьаратәи аҭҵааарадыррақәа ракадемиеи ракадемик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет апрофессор Шоҭа Хьыҷ-иҧа Салаҟаиа.

Аҧсуа фольклорҭҵаара ашьаҭа арӷәӷәараҿы кырӡа рыҵаркуеит Ш.Хь. Салаҟаиа иусумҭа хатәрақәа. Иара ибзоураны ианҵан, еиқәырхан имаҷымкәа афольклор-етнографиатә материал. Ш.Хь. Салаҟаиа иеиқәыршәамҭаны иҭыжьын аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа рыхрестоматиа.

Аҵарауаҩ акыр аџьабаа ибахьан аҧсуа фольклорҭҵааҩцәа рабиҧара ҿыцқәа реиҵааӡараҿы. 

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа гәалсра дула иаднакылеит уи ашьақәгылараҿы злагала дууз аҵарауаҩ иҧсра. 

Шота Хьыҷ-иҧа Салаҟаиа – зусумҭақәа баҟаҵас изҭынхаз ҵарауаҩуп.