Рашәарамза 22 рзы имҩаҧысыз Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум аилатәараҿ Урыстәыла аҳәынҭқарратә, аполитикатә усзуҩ, аҵарауаҩ-зиндырҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Сергеи Николаи-иҧа Бабурин ианашьан Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла идиплом. Сергеи Бабурин Аҧсуа академиа аҳәаанырцәтәи лахәылас далхын ҳазҭоу ашықәс хәажәкырамза 15 рзын имҩаҧысыз ААР апрезидиум аилатәараҿ.





