АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Иҭыҵит аԥсуа ҵарауаҩ Артур Аншба Иусумҭақәа реизга актәи, аҩбатәи атомқәа

 Хышықәса инацны ицоз атекстологиатә усура иалҵшәаны, аҭыжьырҭа «Academia» аҿы акьыԥхь рбеит аԥсуа ҵарауаҩ, ҳажәлар рхақәиҭратә қәԥара аԥхьагылаҩцәа руаӡәк, афольклорҭҵааҩ, алитературатә критик Артур Артиом-иԥа Аншба хә-томкны иҟало Иусумҭақәа реизга актәи, аҩбатәи атомқәа. Апроект авторс, аҭакзыԥхықәу редакторс дамоуп, аԥхьажәагьы иҩит Зураб Џьапуа. Ашәҟәқәа аҭыжьра иаздырхиеит Зураб Џьапуа, Наала Барцыц, Саида Ҳаџьым. Атомқәа ҭыҵит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥхьатәи Ахада ифонд, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр рыгрифқәа рыла; Нарҭдырра ацентр «Аԥсуаҭҵааҩцәа нагақәа» рсериала. Арҭ аҩ-шәҟәык иргәылалеит аҵарауаҩ аԥсуа нарҭтә епос апоетикеи афольклор егьырҭ азҵаарақәеи ирызку иҭҵаамҭақәеи (I атом), имонографиатә ҭҵаамҭа «Аԥсуа фольклори аҵабырги» (II атом). Аҩбатәи ашәҟәы иагәылалеит иара убас Артур Аншба иусумҭақәа рбиблиографиа. Артур Аншба иҭҵаарадырратә ҭынха аԥхьаҩ изымԥшаауа аҟынӡа инеихьан. Акьыԥхь збахьаз иусумҭақәа шамахамзар уаҩы иауамызт. Хә-томкны иҟало афольклорҭҵааҩ иусумҭақәа реизга ахԥатәи атом азкуп илитературатәи икритикатәи усумҭақәа, аԥшьбатәи – ифольклортә нҵамҭақәа, ахәбатәи – ажәытә бырзенцәа рмифқәеи рлегендақәеи аԥсшәахь реиҭагақәа. Атомқәа аҭыжьра разырхиараан аиқәыршәаҩцәа имҩаԥыргеит имаҷымкәа атекстологиатә усқәа: аҵарауаҩ ишәҟәқәеи хазы игоу истатиақәеи реиҿырԥшра, аиҭакьыԥхьрақәа ралхра; ахархәара змоу алитература аагашьа еиҳа арманшәалара, иаагоу ажәлақәа рхарҭәаара, аҿырԥштәқәа ахьынтәаагоу аоригиналқәа рҿырԥшра, аԥсышәала иҩу аусумҭақәа иахьатәи аҩышьаԥҟара иақәшәо рыҟаҵара, ахьӡқәа рарбагақәа рацҵара, уҳәа ирацәаны аамҭеи аџьабааи зцу азҵаарақәа. Артур Аншба аԥсуа ҭҵаарадырраҿы инижьыз аусумҭақәа шмаҷымгьы, еиҳа аныҟаиҵашаз, иҭҵаарадырратә усура еиҳагьы ианыҵаулахашаз ақәра дышҭагылаз идунеи иԥсахит. Иниҵит 50 шықәса. Иара хаҭала дыздыруаз, ҭҵаарадырратә мҩак ицаныз ауаа ибзианы иргәалашәоит аԥсуа ҭҵаарадырразы, аԥсуа филологиазы закәытә лагалоу иҟаиҵаз. Зыԥсҭазаара трагедиала иҭәыз Артур Аншба иусумҭақәа аҿыц ԥсҭазаара рыҭара асимволтә ҟазшьа аманы ҳахәаԥшуеит. Иара хшаҭарада дыззықәԥоз ҳҭоурых, ҳбызшәа, ҳлитература, ҳфольклор иазҿлымҳау зегьы рзы ҳамҭахап ҳәа ҳгәыӷуеит.