АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АЛАҲӘАРА

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ирыланаҳәаз 2021 шықәсазы иҭыҵыз аԥсышәала иҩу аҵарауаа ҿарацәа (40 шықәса ирҭымсыц) рыҭҵаарадырратә усумҭақәа апремиа ранашьаразы аконкурс ахь адокументқәа рыдкылара аамҭа иацҵоуп ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза 31 рҟынӡа абри аҭыӡҭыԥ ала:
ақ. Аҟәа, ак. Марр имҩаду, 9; аҭел: +7 940-770-63-54; +7 940-771-23-45.
E-mail: akademana@mail.ru

ААР апрезидиум