АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ИМҨАԤНАГЕИТ «АԤСНЫ ҲААМҬАЗТӘИ АДУНЕИ АҾЫ ИАМОУ АШӘАРҬАРАҚӘА» ЗАХЬӠУ АСТОЛ ГЬЕЖЬ

2022 шықәса цәыббрамза 20 рзы Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа имҩаԥнагеит «Аԥсны ҳаамҭазтәи адунеи аҿы иамоу ашәарҭарақәа» ҳәа хьӡыс измаз астол гьежь. Ари аусмҩаԥгатә Аԥсуа академиа 25 шықәса ахыҵра инадҳәаланы иазԥхьагәаҭоу аусқәа рхыԥхьаӡараҿы иарбан.

Аиԥыларахь инаԥхьан аполитилогцәа, аруаа, азиндырыҩцәа, аекономистцәа, азинхьчаҩцәа.

Астол гьежь ааиртит ААР апрезидент, академик З.Џь. Џьапуа. Ицәажәараҿы З. Џьапуа инаҵшьны дазааҭгылеит Аԥсуа академиа аԥҵаразы Владислав Арӡынба иқәҵара: «Стратегк, ҵарауаҩк иаҳасабала, Владислав Арӡынба ибзиаӡаны еилкаауан анаука аҵакы. Даҽаӡәы деиԥшымкәа идыруан, аҳәынҭқарра аргылараҿы ишхымԥадатәихоз аҭҵаарадырратә традициа ҵаула. Ус иҟаз атрадициа ҳара ҳҿы ишьақәгылахьан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы: абиологиаҿ, абнаҭҵаараҿы, ақыҭанхамҩаҿ, амедицинаҿ. Ибзианы идыруан аԥсуа ҭҵааҩцәа, аҭоурыхҭҵааҩцәа русура ахықәкы, инарҭбааны идыруан Аԥсны иахьаҵанакуа ишырацәоу акультуратә, архитектуратә баҟақәа. Иахьа аҭҵаарадырратә традициа аиқәырхара зду ҳара ҳауп – Аԥсуа академиа. Убриаан иазгәасҭарц сҭахуп, кырӡа шаҵанакуа аҭҵаарадырреи аҳәынҭқарреи рыбжьара иахәҭоу аизыҟазаашьақәа рышьақәырӷәӷәара. Уи, абар, шьҭа маҷгьы ҵӡом, иаԥырхагоижьҭе ҳаҩныҵҟатәи аҭынчымра, ҳаиҿагыларақәа, аҳәаанырцәынтәи ицо аҵәыршрақәа».

Ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәараҿы аҭҵаарадырра шаҟа ихадароу бзианы ирныԥшит астол гьежь аҿы иалкааз ахырхарҭақәа хԥа рыла иҟаҵаз ажәахәқәа.

Агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы Аԥсны аҭыԥ атәы дазааҭгылеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик В.А. Чрыгба «Ҳаамҭазтәи адунеи амчеихшараҿы Аԥсны агеополитикатә ҭыԥ» захьӡыз иажәахә аҿы. «Аԥсны арбџьармчтә шәарҭадара: ашәарҭарақәа, ауадаҩрақәа» захьӡыз ажәахә ҟаиҵеит Атәылахьчара аминистрра Арратә зыҟаҵара анапхгараҭара ахәша аиҳабы, аполковник Давид Бжьаниа. «Аԥсни Урыстәылеи рекономикатә еимадарақәа Аԥсны амилаҭтә економика арҿыцразы рхархәара» захьӡыз ажәахә даԥхьеит аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик З.И. Шьалашьаа.

Ажәахәқәа ҟазҵаз рахь астоль гьежь иалахәыз ирызцәырҵит еиуеԥшымыз азҵаарақәа. Иаарту аформат ала имҩаԥысуаз аиҿцәажәара рхы аладырхәыр рылшон иазыӡырҩуаз зегьы. Ус иагьыҟалеит. Аԥсны ашәарҭадара азҵаара алацәажәараан игәаанагара иҳәеит Аԥсны Атәылахьчара аминистр иабжьгаҩ, аинрал-маиор И.Шь. Гамсаниа. Уи иазгәеиҭеит, ҳтәылаҿы ишыҟоу арра ахысра ашықәс иахыԥахьо, аха арра зхызымгац 4000-ҩык ахацәа. Урҭ, закәанла иарбоу амзызқәа ирхырҟьаны рхы иақәиҭтәуп ҳәа ԥхьаӡоуп, аха аинрал-маиор ишазгәеиҭаз ала, шәарҭарак ҟаларгьы, урҭ рхыхьчара иазхиам, уимоу ҳаԥсадгьыл ахьчаразы арезервтә архәҭақәа рылаҵаразгьы азин ыҟаӡам.

Астол гьежь аҿы ихымԥадатәиуп ҳәа ирыԥхьаӡеит, хара имгакәа иӡбатәуп ҳәа аҳәынҭқарратә маҵзуразы азакәан азҵаара, убра иагьарбатәуп ҳәа арра зхызымгаз ауаҩы аҳәынҭқарратә маҵзурахьы идкыларазы азин шыҟамло.

Астол гьежь аҿы ишьҭыхыз азҵаарақәа зегьы алацәажәара бзиа роуит, алахәылацәа ирхырҳәааит ргәаанагарақәа.

Аиԥылара иалахәын: Арда Инал-ипа, Максим Ӷәынџьиа, Баграт Дармаа, Алықьса Касланӡиа, Валери Кәарҷиа, Абессалом Кәарҷиа, Фрида Лазба, Леонид Лакербаиа, Рауль Лолуа, Иван Ҭарба, Иракли Ҭыжәба, Заал Хәарцкьиа уҳәа аӡәырҩы.

Астол гьежь хыркәшо, уи иалахәыз ирыдыркылеит Арезолиуциа.

(Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)