АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АЛАҲӘАРА

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ирыланаҳәоит 2023–2024-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:

1. «Аџьынџьтәыла аҭоурых. Аҧсны аҭоурых» (07.00.01) – ҭыҧк (1);
2. «Аҳәынҭқаарратәи амуниципалтәи напхгараҭара» (5.2.7.) – ҭыҧк (1);
3. «Иаарту-азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә)» ҭҵаарадыррақәа рыла (5.1.2). – ҭыҧк (1).

Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала.

Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
– иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәлаҵеи рыхкьыҧхьлаа;
– азҵаабӷьыц (анкета);
– аспециалистцәа ҿарацәа рзы – изылгаз аҵараиурҭа Аҵарауаа рхеилак аилатәара аҧкаанҵа агәылҩаа;
– иалху азанааҭ ала арефарат (кьыҧхь бӷьыцк рҟынӡа) иазҧхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
– акьыҧхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ҧҵамҭақәеи аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;
– амедицинатә ршаҳаҭга (286-тәи аформа);
– апатреҭқәа 4 (шәагаала 3×4 иҟоу).

Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп.

Адкыларатә ҧышәарақәа мҩаҧгахоит 2023 шықәса, абҵарамза 14 инаркны ҧхынҷкәынмза 11-нӡа;

Аҧышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыҧхьаӡалахоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Адокументқәа рыдыркылоит 2023 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 2-нӡа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақ., ак. Марр имҩа, 9;
аҭел: 921-80-88. 226-69-76; aspirant@mail.ru

ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша