Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьота-иԥа Џьапуа, Алада Уаԥстәыла апрезидент Алан Едуард-иԥа Гаглоев иусԥҟала, Алада Уаԥстәыла аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп.
Ари ахҭыс мҩаԥысит арҭ амшқәа рзы Аԥсны зусура хацыркхаз «Ауаажәларратә напхгараҭара: ашьақәгылареи аусуреи рызҵаатәқәа» зыхьӡу Аҩбатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциаҿы.
Аконференциа ахаҭа рызкуп Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира 30 шықәса ахыҵреи Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 15 шықәса аҵреи. Алада Уаԥстәылантәи аконференциахь иааз аделегациа напхгара аиҭоит А. А. Тибилов ихьӡ зху Алада-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аректор, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, апрофессор Вадим Тедеев, иара убасгьы аделегациа иалоуп Алада-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет апроректор Едуард Цховребов, аҿартә политиказы аректор ицхырааҩ Азамаҭ Тедеев. Аҭҵаарадырратә усмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәарҭа анапхгаҩы Олег Боциев, Административистцәа рмилаҭтә ассоциациа авице-президент, азиндырратә факультет адекан, Воронежтәи аҳәынҭқарратә университет административтә, административ-усмҩаԥгаратә кафедра анапхгаҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ Иури Старилов.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахьӡала ари аконференциа мҩақәырҵон ААР апрезидент Зураб Џьапуа, аконференциа аиҿкааҩ – Аԥсны Аконституциатә усӡбарҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, аҭҵаарадырразы ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор ихаҭыԥуаҩ, ААУ адоцент Диана Ԥлиа.
Аԥсуа академиа ахада аконференциа асасцәеи алахәылацәеи иҭабуп ҳәа раҳәо, дырзааҭгылеит анаҩстәи аҭҵаарадырратә усеицура ахырхарҭақәа.
«Ауаажәларратә напхгараҭара: ашьақәгылареи аусуреи рызҵаатәқәа» зыхьӡу Аҩбатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа аус аулоит хымш.
(Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апресс-маҵзура)






