АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

АԤСУА ҬҴААРАДЫРРЕИ АКУЛЬТУРЕИ РҾЫ ЗДАҞАМЛАЦ АХҬЫС ҞАЛЕИТ. АҬЫЖЬЫРҬА ACADEMIA АҞНЫ АКЬЫԤХЬ АБЕИТ АА-ТОМК ЗҴАЗКУА АԤСУАА РНАРҬТӘ ЕПОС

Аԥсуа ҭҵаарадырреи акультуреи рҿы здаҟамлац ахҭыс ҟалеит. Аҭыжьырҭа «Academia» аҟны акьыԥхь абеит аа-томк зҵазкуа аԥсуаа рнарҭтә епос.

Аредактор-аиқәыршәаҩ – Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла Зураб Џьапуа. Аиқәыршәаҩ ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа раахыс арҭ аепикатә текстқәа реизакреи реихшареи далагахьан. Аматериалқәа аҭыжьра разырхиаразы аусура хықәкыла ихацыркхеит 2005 шықәсазы. Ари аус рнапы шалакыз иалакын усҟан Зураб Џьапуа иаспирантцәаз, иахьа аԥсуа ҵарауаа қәыԥшцәа Наала Барцыци Саида Ҳаџьыми.

Ари амилаҭтә проект адунеи абара аԥсуа жәлари аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы хҭыс дуӡӡоуп. Атомқәа шьақәыргылоуп иахьатәи атекстологиатә принципқәа рыҩаӡарала. Ашәҟәқәа еидыркылоит иахьанӡа еиқәханы иааз аԥсуаа рҿаԥыцтә культура адоуҳатә баҟа хада – «Нарҭаа» – ирызку аҳәамҭақәеи урҭ рвариантқәеи хаҭәааны. Аизга иацуп аредактор-аиқәыршәаҩ инеиҵыху иҭҵаамҭа, атекстқәа ркомментариқәа, рсемантикатә рбагақәа, ашәақәа рнотақәа уҳәа убас аҳәамҭақәа хазырҭәаауа аҭҵаарадырратә згәаҭарақәа.

Жәа-томкны иҟоу аҭҵаарадырратә, академиатә ҭыжьымҭа, хымԥада, шьаҭамырӡгахоит аԥсуа жәлари Аԥсуа ҳәынҭқарреи рзы. Атомқәа лагала духоит кавказдырраҿы, иара убас адунеитә епикатә традициақәа рыҭҵаараҿы.