АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА АПРЕЗИДЕНТ ИХАҬЫԤУАҨ, АКАДЕМИК СЕРГЕИ МИХАИЛ-ИԤА БЕБИА ИАНАШЬОУП "АХЬӠ-АԤША" АОРДЕН АКТӘИ АҨАӠАРА

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иусҧҟала,абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рҿы шықәсырацәалатәи лҵшәабзиалатәи иусура азы, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихаҭыҧуаҩ, академик Сергеи Михаил-иҧа Бебиа ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден актәи аҩаӡара. Аҵарауаҩ аҳамҭа инапаҿы иҭан иахьа, Аҧсны Ахада иусбарҭаҿы.