АЛАҲӘАРА

АԤСНЫ АҬҴААРАДЫРРАҚӘА РАКАДЕМИА ирыланаҳәоит 2024/2025-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:
  1. «Аԥсны аҭоурых» (07.00.02) – 4 ҭыԥк;
  2. «Аԥсуа литература» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  3. «Аԥсуа бызшәа» (10.01.03) – 1 ҭыԥк;
  4. «Аекономикеи жәлар рынхамҩа аусбареи» (08.00.05) – 1 ҭыԥк;
  5. «Иаарту азинтә (аҳәынҭқарратә-зинтә) ҭҵаарадыррақәа» – 1 ҭыԥк;
  6. «Ахархәаратә математикеи аинформатикеи» (01.03.02) – 1 ҭыԥк;
  7. «Аԥсабаратә ҭаҵәахқәа (рхыҵхырҭақәа) рзин, аграртә зин, аекологиатә зин» (12.00.06) – 1 ҭыԥк;
  8. «Аентомологиа» (03.00.09) – 1 ҭыԥк.
Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:
  • иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәылаҵеи рыхкьыԥхьлаа;
  • азҵаабӷьыц (анкета);
  • аспециалистцәа ҿарацәа рзы изылгаз аҵараиурҭа Аҵаратә хеилак аилатәара аԥкаанҵа агәылҩаа;
  • иалху азанааҭ ала ареферат (кьыԥхь бӷьыцк рҟынӡа) иазԥхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;
  • акьыԥхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ԥҵамҭақәеи, аҭҵааратә усура иазку аҳасабырбақәеи рсиа;
  • апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);
  • амедицинатә ршаҳаҭга № 286-тәи аформа;
Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп. Адкыларатә ԥышәарақәа мҩаԥгахоит 2024 шықәса, абҵарамза 4 ԥхынҷкәын 14-нӡа;   Аԥышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыԥхьаӡалахоит 2025 шықәса, ажьырныҳәа 1 инаркны.   Адокументқәа рыдыркылоит 2024 шықәса, цәыббрамза 2 инаркны жьҭаарамза 11-нӡа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: Академик Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88; 226–69–76.   ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

2024-2026 ШЫҚӘСҚӘА РЗТӘИ ХЫҚӘКЫЛАТӘИ АНАУКА-ТЕХНИКАТӘ ПРОГРАММА «АҦСУАДЫРРЕИ КАВКАЗДЫРРЕИ ИАКТУАЛТӘУ РЫЗҴААРАҚӘА РЫӠБАРА» АУСУРА ХАЦНАРКИТ

Аҧсуаа рполитикатә, рсоциал-економикатә, рдемографиатә, ретникатә ҧсҭазаараҿы аиҭакра дуқәа анымҩаҧысуа аамҭазы аҭоурых-культуратә ҭынхақәа рыҭҵаара актуалра ҷыда аиуеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы аҧсуааи Аҧсни ирызку архивтә материалқәа реизгара иадҳәалоу аус ду мҩаҧысуеит. Ус шакәугьы иахәҭоу архивтә хыҵхырҭақәа ахьмаҷу иахҟьаны аҧсуаҭҵаара иадҳәалоу акрызҵазкуа апроблемақәа жәпакы рыҭҵаараҿы ауадаҩрақәа цәырҵуеит. Ҳажәлар рҭоурых иҵегьы инарҵауланы аҭҵааразы ихымҧадатәиуп аҧсуаа ирызку  адунеи ахьынӡанаӡааӡо архивқәеи, ашәҟәыҵәахырҭақәеи, абиблиотекақәеи рҿы иҵәаху аматериалқәа реизгареи аус рыдулареи.

2024-2026 шықәсқәа рзтәи хықәкылатәи анаука-техникатә программа «Аҧсуадырреи кавказдырреи иактуалтәу рызҵаарақәа рыӡбара» ишьҭнахуа азҵаарақәа ихымҧадтәны иӡбатәқәоу ириеуоуп, – ҳәа азгәеиҭеит апроект авторцәа ируаӡәку, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуа. Иҭанагӡо азҵаарақәа аҭҵаарадырраҿы уажәраанӡагьы рыӡбахә изныкымкәа ишырҳәахьогьы, урҭ рынагӡараҿы аусқәа реиҿкаашьеи рынагӡашьеи ҳаамҭа иақәшәо азнеишьақәа рыла ирҿыцтәны иҟоуп, – иҳәоит академик.

Ҳҭоурых хазырҭәаауа усны иҧхьаӡоит Џьапуа Аҧсни аҧсуа жәлари рҭоурых иазку аҳәаанырцәтәи ахыҵхырҭақәа рыҧшаара, аурыс бызшәахьы реиҭагара, акомментариақәа рыцҵаны рҭыжьра. Иара убас апрограмма иамҽханакуеит Аҧсны аҭоурых аконцепциа ҿыц ашьақәыргылара, аҩра. Уи адагьы ажәытәӡеи, абжьарашәышықәсқәеи, аҳратәреи, асовет аамҭеи, ҳазҭагылоу аамҭеи зҵазкуа хазы-хаз Аҧсны аҭоурых азы арҵагатә цхыраагӡақәа рыҩра аҧсышәалеи урысшәалеи. Зураб Џьапуа ирыцҳараны иҧхьаӡоит ҳҭоурых амаҭәар ҳхатәы бызшәала иахьаҳамҵо.

Аҧсуа жәлар рдоуҳатәи рматериалтәи ҭынхақәа реиқәырхара аҳәынҭқараа ахыдҵа хадақәа иреиуазароуп. Аҧсуаа рытрадициатә гәалашәара, ркультура, ражәатә, рашәатә, рмузыкатә, рхореографиатә фольклор аизгара, аудио-видео нҵамҭақәа рыхҩылаара, ашәақәа анотахь риагара, рҭыжьра азҧхьагәанаҭоит апрограмма. Арҭ аусхкқәа ҷыдала адыррақәеи, анапырацәеи, атехникатә еиқәыршәареи зҭаху иреиуоуп. Иазгәаҭатәуп, мшыннырцә инхо аҧсуаа рфольклортә кульура амырӡразы 2009 шықәсазы Зураб Џьапуа иеиқәиршәаз апроект «Аҧсуаа Ҭырқәтәылан» усҟан Аҧсны аиҳабыра шахаҵгылаз. Убри иабзоураны инеиҧынкыланы есышықәса Ҭырқәтәыла имҩаҧгаз аекспедициақәа рматериалқәа аҧсуа фольклор ахьтәы фонд шьақәдыргылоит иахьа. Иҭҵаамкәа инхоит адунеи егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу ҳдиаспора рытрадициатә культура аҭагылазаашьа. Убарҭи егьырҭ аматериалқәеи азанааҭдырратә цхыраара рҭахуп, – иҳәоит ААР апрезидент. Убриазы ари атема апрограмма иаларҵеит, иазыхиоуп анагӡаразы.

Иахьазы ихымҧадатәуип  аҧсуа бызшәа алексикатә фонд Амилаҭтә цифратә корпус аҧҵара. Акультуратә ҵакы ҷыда змоу проектны ирыҧхьаӡоит апрограмма авторцәа. Уи иалнаршоит алингвистикатә дыргақәеи, аҧшааратә хархәагақәеи рыла ишьақәыргыланы аҧсуа текстқәа реизга ду аҧҵара. Уи абзоурала иарбанызаалак аҧсуа ажәақәа еиуеиҧшым аҩышьа аформақәа аҭаны аинтернет аҟны рыҧшаара ҟалоит. Акорпус ашьаҭала  атерминологиатәи, аиҭагаратәи уҳәа ажәарқәа еиқәыршәахоит.

Апрограмма атематика анагӡаҩцәас иҟалоит иреиҕьу аҵарауаа, аусуразы иадрыҧхьалоит аҳәаанырцәынтәи аспециалистцәагьы. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы – еицырдыруа кавказҭҵааҩ Џьорџь Хьиуитт.

Апроект аҿы ишьҭыху азҵаарақәа рымҽхак даараӡа иҭбаауп, аҧсуа гуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыҿиара, урҭ рынагӡара ада хаҭәаашьа рымам, – иҳәоит Зураб Џьапуа.

Акультуратә ҭынха аиқәырхаразы апрограмма рҩит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зураб Џьапуеи, абызшәадырҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, ААР академик Виачеслав Чрыгбеи. Иазҧхьагәаҭоу аусмҩаҧгатәқәа рынагӡара Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иадҵоуп.