Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ишьақәнарҕәҕәеит иааиуа 2025 шықәсазтәи аҭҵаарадырратә усумҭақәа рыплан. Иара убас ҳазҭоу ашықәс азы акандидаттәии адоктортәии диссертациақәа зыхьчаз аҵарауаа Зураб Џьапуа урҭ ахьыӡқәа зыршаҳаҭуаз адипломқәа рнапаҿы ириҭеит. ААР аӡбарала Наала Касланӡиаҧҳаи Сослан Салаҟаиеи аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор иҩаӡара рыхҵоуп. Аҧсуаҭҵаарадырратә институт аҿы иҟоу адиссертациатә хеилак аӡбамҭала аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат иҩаӡара рыхҵоуп Сурам Сақаниа, Дмитри Счастны. ААР апрезидент Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит уи акадрқәа реизҳараҿы, рааӡараҿы акыр шаҵанакуа, даргьы аҭакҧхықәра ду шрыднаҵо.
Аспирантура аҭаларазы аҧышәарақәа рылҵшәақәа реихшьаала ҟаҵан, аҭҵаарадырратә напхгаҩцәеи, аспирантцәа аус здырулараны иҟоу атемақәеи ирзааҭгылан. Зынӡа ф-ҩык аспирант ҿарацәа рыхьыӡқәа ҳәан аилатәараҿы: Анзор Цкәуа – Аекономикеи азини ринститут, Иван Нешенко, Михаил Қриа – Аекологиа аинститут. Саида Џьопуаҧҳа,Ҭемыр Ҧлиа, Арсоу Хәаҧшыхә – Аҧсуаҭҵааратә инстиут. Ҧшьышықәса рышьҭахь аҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа ҳауеит, ҳәа агәыҕра ааирҧшит Аҧсны Аҭҵаарадырақәа ракадемиа апрезидент, ААР академик, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор
Зураб Џьапуа.
Аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан жьҭаарамзазы имҩаҧысыз Аҵарауаа ҿарацәа аҩбатәи Аҧснытәи рфорум аҿы зҽалызкааз. Аконференциа аматериалқәа рҭыжьразы аредколлегиа шьақәырҕәҕәан.
Д. Гәлиа ихьӡ зхәу Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны аҟәша ҿыцқәа раатра иалацәажәеит анаҩстәи зҵаараны. Аҭоурых аҟәша хырхарҭала еиҩыршеит –ижәытәуи абжьаратәи ашәышықәсқәеи, иҿыцуи иҿыцӡоуи ҳәа. Уи аспециалистцәа еиҳа иҭшәоу хырхарҭала аус руртә еиҧш аҭагылазаашьа рнаҭоит, иарманшәалоит, ҳәа азгәеиҭеит аинститут аиҳабы Арда Ашәба. Иара убас иҿыцны иаадыртит аиҭагара аҟәша.















