АЛАҲӘАРА

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны лаҵарамза 26, асааҭ 11: 00 рзы имҩаԥгахоит Габниа Дифа Назырбеи-иԥҳа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҵараҩаӡара аиуразы лдиссертациатә усумҭа «Аԥҳәыс лхаҭара аеволиуциа аԥсуа епикатә литератураҿы» (ашифр 5.9.10 – «аԥсуа литература») ахьчара

Зураб Џьапуа Бадра Гәынба Аԥсны ахадас иалхра идиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидиум, ҳтәыла аҭҵаарадырратә еилазаара рыхьӡала, иара убас хаҭала сара  ишәыдсныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас ажәлар шәахьалырхыз! Милаҭ рацәала еилоу ажәлар агәрагара ду шәаԥсартәит. Агәра згоит, шәнапхгарала Аԥсны аҳәынҭқарра қәҿиара дула ишеизҳазыӷьо, алеишәеи азакәан ақәныҟәареи зегьы ирыцкны ишыҟало. Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩс шәаныҟаз, ҵарауаҩк иаҳасабала, Шәара шәахылаԥшуан Аԥсуа академиа, анаука, избан акәзар еилышәкаауеит аҳәынҭқарра асоциал-економика аҿиараҿы аҭҵаарадырра зыԥсахуа даҽакы шыҟам, уи ацхраара, анаукатә кадр ҿыцқәа реиҵааӡара аус гәцарашәкуеит. Аԥсны аҳәынҭқарреи Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи русеицура еиҳагьы ишацҵахо, алҵшәа ҿыцқәагьы шаиуа сацәҩашьаӡом. Бадра Зураб-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәамчи, ачҳареи, ақәҿиара дуқәеи!
Ҳаҭыр дула, З.Џь. Џьапуа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент, академик, Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа  аҳәаанырцәтәи алахәыла